Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҳаразиа: Аԥснынтә иааз ажәабжь зегьы ҳаршанхеит

© Sputnik / Томас ТхайцукВадим Харазия
Вадим Харазия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аԥснынтә инеиз ажәабжь ҳдиаспора зегьы шаршанхаз.

Ҳаразиа: Аԥснынтә иааз ажәабжь зегьы ҳаршанхеит
"Зегьы даара гәалсра дула иҳадаҳкылеит ари ажәабжь, ҳаршанхеит. Ҳдиаспора агәыӷрақәа рыман иара идҳәаланы, аимадара бзиа рыбжьан аԥыза-министри дареи, ахеидкылатә федерациақәеи иареи. Даара игәцаракны иман ҳара ҳус, аҵыхәтәантәи ҳаиқәшәараҿы, ҳаиԥылараҿы, ацхыраара аганахьала аицәажәара ҳаман, иҭиҵаауан ауадаҩрақәа, азҽлымҳара ду ааирԥшуан. Геннади Гагәылиа агәыӷра ду иман ҳдиаспора рганахьа ала Аԥсны аекономика ашьҭыхразы, аргылараҿы. Ҳәарада, араҟа иаартхоит агәалсратә шәҟәы, иахәҭоу зегьы ҟаҳҵоит", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаразиа.

Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аҟны дҭахеит цәыббрамза 8 рзы, асабша ауха, Шәачатәи аҳаирбаӷәазантә Аҟәаҟа аиҳабыра рмашьынақәа еишьҭагылан ишаауаз. Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0