РУСДРАМ аҿы имҩаԥысраны иҟаз аспектакль "Три высокие женщины" иахыгоуп

© Sputnik Томас ТхайцукГосударственный русский театр драмы
Государственный русский театр драмы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Малая Бронная аҿы иҟоу Москватәи адраматә театр аспектакль "Три высокие женщины" апремиера мҩаԥысраны иҟан РУСДРАМ аҿы цәыббра 10 - 11 рзы.

АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аԥыза-министр машәырла иҭахара инамаданы РУСДРАМ аҿы имҩаԥысраны иҟаз аспектакль "Три высокие женщины" апремиера аамҭала иахыгахоит ҳәа Facebook аҟны илҩит уи иалахәу актриса Вера Бабичева.

"Иахьатәи амш алагеит ашәаџь бааԥс ала. Дҭахеит Аԥсны аԥыза-министр. Ҳаргьы, РУСДРАМ анапхгарагьы еицаҳаӡбеит агастрольқәа раамҭа ахаагарц. Амҩа ҳазыхианы ҳшыҟоугьы ҳаангылеит. Гәалсра дула ҳшәыдышшылоит", — ҳәа лыҩуеит лара.

РУСДРАМ адиректор хада Иракли Хынҭәба иакәзар, Facebook аҿтәи идаҟьаҿ иҩит апремиера мҩаԥысраны ишыҟоу цәыббра 24 – 25рзы.

Администрация президента. - Sputnik Аҧсны
Геннади Гагәылиа иҭахара инамаданы Аԥсны алахьеиқәратә мшқәа рылаҳәахоит

РУСДРАМ анапхгара ҭабуп ҳәа ахырҳәаауеит аспектакль "Три высокие женщины" алахәылацәа зегьы рыпланқәа реиҭакра иахьақәшаҳаҭхаз, егьырҭ апроектқәа мап ахьырцәыркыз.

"Аспектакль "Три высокие женщины" аԥсуа хәаԥшҩы ирбахоит цәыббра 24 — 25 рзы. Абри аспектакль ала иаркхоит атеатр 37-тәи асезон. Иаахәоу абилеҭқәа рымчра шыҟоу иаанхоит: цәыббра 10 азтәи абилеҭқәа рыла атеатр ахь анеира ҟалоит цәыббра 24 рзы, цәыббра 11 иатәу абилеҭқәа рыла анеира ҟалоит цәыббра 25 рзы", — ҳәа арбоуп РУСДРАМ адырраҭараҿы.

Геннади Гагәылиа Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба дызхагылаз аԥсуа делегациа дахәҭакны Шьамтәыла официалла даҭааны дыҟан. Амашәыр ҟалеит цәыббрамза 8 рзы, асабша ауха, Шәачатәи аҳаирбаӷәазантә Аҟәаҟа аиҳабыра рмашьынақәа еишьҭагылан ишаауаз.

Аԥсны аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсҭазаара далҵит 71 шықәса дшырҭагылаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0