Ҭырқәтәыла иаадыртуеит адышшыларатә шәҟәы

CC0 / / Гвоздики и свечи
Гвоздики и свечи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аан дҭахеит цәыббра 8 рзы. Аԥсы анышә дамардоит цәыббра 12 асааҭ 22:40 рзы. Аамҭақәак рышьҭахь Гагәылиа иоуз аахақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, цәыббра 10 – Sputnik. Аԥыза-министр Геннади Гагәылиа иԥсра инамаданы адышшыларатә шәҟәы хдыртуеит Ҭырқәтәыла иҳәеит радио Sputnik аинтервиу азҭаз, Аԥсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа.

Премьер-министр РФ Д. Медведев - Sputnik Аҧсны
Геннади Гагәылиа иҭахара иадҳәаланы Дмитри Медведев адышшыларатә шәҟәы ааишьҭит

"Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс ахаҭарнак Аҳмеҭ Хапат ҳаиԥылараны ҳаҟоуп. Ҳалацәажәоит ауаа ргәы иҭоу ахьанырҵаша ашәҟәы ахыртра", — иҳәеит иара.

Вадим Ҳаразиа иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла инхо Кавказ ажәларқәа зегьы аԥсуа диаспора ргәырҩа шрыцеиҩыршо.

"Иҟалаз алацәажәара уадаҩуп. Иацы иҳаҳаит ари ашәаџь. Ҭырқәтәыла инхо Кавказ ажәларқәа зегьы аԥсуа диаспора ргәырҩа рыцеиҩыршоит ааигәаӡа даҳцәыӡит Уалид Маршьан. Абар еиҭахгьы. Аԥыза-министри ҳареи аимадара бзиа ҳаман. Игәрагарагьы ҳаман", — иҳәеит ииара.

Геннади Гагәылиа амҩатә машәыр аан дҭахеит цәыббра 8 рзы. Аԥсы анышә дамардоит цәыббра 12 рзы. Ареспубликаҿ ирылаҳәоуп алахьеиқәра. Атәыла абираҟқәа лашьҭуп. Агәырӷьаратә уснагӡатәқәа зегь аанкылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0