00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Актуальный комментарий
14:23
7 мин
Новости 14.30
14:31
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:52
7 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:52
7 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

"Союз" акосмос аҿы ааха аҭан ҳәа агәаанагара аԥыжәара аиуит

© Фото : РоскосмосКорабль "Союз МС-09"
Корабль Союз МС-09 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Роскосмос" NASA азыҳәа азынанашьҭит астронавтцәа раҳасабырбақәеи авидеоҭаҩреи рыхкьыԥхьаақәа рзы. Убри аан аусҭҵаара мап ацәкхар, ЕАШ иҟалаз ишалахәым ҳәа зҵаарагьы ықәыргылахом.

АҞӘА, цәыббра 12 — Sputnik. Акорпорациа "Роскосмос" акомиссиа, "Союз" аҿы иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа ирызцәырҵит иҟалаз азы аверсиа ҷыда: хықәкыла акосмостә ӷба ааха аҭара мҩаԥыргеит америкатәи астронавтцәа ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ "Коммерсант" адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Акорпорациа "Роскосмос" акомиссиа, "Союз" аҿы иҟалаз ахҭыс ҭызҵаауа ирызцәырҵит иҟалаз азы аверсиа ҷыда: хықәкыла акосмостә ӷба ааха аҭара мҩаԥыргеит америкатәи астронавтцәа урҭ руаӡәк игәамбзиара иахҟьаны иаарласны адгьыл ахь ахынҳәразы ҳәа иазгәанаҭоит "Коммерсант".

Запуск ТПК  Союз МС-09» с космодрома Байконур - Sputnik Аҧсны
Акосмостә ӷба "Союз МС-09" ашьшьара амзыз шьақәыргылоуп

"Коммерсант" ишазгәанаҭо ала, абри аверсиа шьақәырӷәӷәахар ԥхьаҟатәи америка-урыстәылатәи акосмостә усеицура ааха ду аиуеит.

Агазеҭ ишаҳәо ала, акомиссиа ргәаанагарала акылҵәара акосмос аҿы ауп иахьыҟаҵаз, изныкымкәагьы аҽазышәара аман.

Нанҳәамзазы акосмостә ӷба "Союз МС-09" ашьшьара аиуит, аҳауагь ацәцо иалагеит. Ицәырҵит еиуеиԥшымыз агәаанагарақәа: адиверсиа инаркны аметиорит аахара аҟынӡа.

Иаԥҵаз "Роскосмос" акомиссиа аҭҵаара иаҿын акосмостә ӷба иаиуз амалыр зыхҟьаз амзыз. Иара убасгьы урыстәылатәи акосмостә корпорациа "Энергия" акомиссиагьы аус ауан. Усҟан еилкаахеит ацех аҟны аибыҭаратә усурақәа раан ааха шаиуз. Ашьшьара аҷабга ҷыдала ишьыхын. Иара убри аан абри ахҭыс агәаҭаратә бӷьыц аҟны иарбазу иарбамзу шьақәыргыламызт.

Акосмостә ӷбақәа "Союз" "Прогресс" рҭагылазаашьақәа рыҭҵаара хацдыркит.

"Роскосмос" ахада Дмитри Рогозин аҳәамҭа ҟаиҵеит РКК "Энергия" акомиссиа макьаназ иҟалаз амзыз шышьақәнамыргылац. Иара иажәақәа рыла, "аҭагылазаашьа агәаанагара шыҟаз аасҭа иуадаҩхеит".

Ажәабжьқәа зегьы
0