Саида Жьиԥҳа, Sputnik
— Иазыхиада аурок?.. Ҿышәымҭуазар, шәаасыԥхьоит сиала, Ажьиба акласс ӷәахьы…
Хымԥада аурок сазыхиан, аха сара ашәҟәы сшаныз Жьиба ҳәа акәын, убри аҟнытә џьашьатәыс исыман, Ажьиба ҳәа ажурнал аҿы сахьарбаз. Ус, 11 шықәса зегь раԥхьа аурок аиҭаҳәара снеиуан, аха ашкол алгара аамҭа анааи, аҳәара ҟасҵеит Жьиба ҳәа идырҽеирц, избанзар аттестати, аиразы аршаҳаҭгеи рҟны ианыз ажәла еиԥшхаӡомызт. Егьыс, сара сзы зегь акоуп Ажьиба акәу, Жьиба акәу…
Ари аҭагылазаашьа аԥҵахеит ауниверситет аҿгьы. Ахәбатәи акурс анҵәамҭазы, ҩаԥхьа аҳәара ҟасҵар акәхеит сыжәла Жьиба ҳәа ианырҵарц.
Ажьибеи, Жьибеи жәлак ауп, урҭ узеиҟәыҭхом, аха раԥхьатәи анбан "А" џьарак иҟоуп, џьарак иҟам. Избан ҳәа уҵааргьы аҭак аҟаҵара уадаҩхоит.
Иаҳҳәозар, саб иҭаацәараҟны жәҩык ахшара рахьтә фҩык Жьиба ҳәа ашәҟәы иануп, хҩык Ажьиба ҳәа.
Иҟоуп Ажьибеи, Жьибеи рҩышьазы зхатә гәаанагарақәа змоу. Ашәҟәыҩҩы Енвер Ажьиба, ажәла "Ажьиба" ауп еиҳа ииашоу ҳәа иԥхьаӡоит.
"Ҳара ҳажәла ашьаҭа "Ажьи" ауп. Адунеи иқәу ажәлақәа зегьы иреиҳау, ари ашьаҭа злоу ауп, избанзар "Ажьи" амилаҭқәа зегьы дрыман. "Ажьиба" ауп еиҳа ииашоу ҳәа агәаанагара сымоуп, избанзар, Ҭырқәтәыла инхо ҳашьцәа Ажьиба ҳәа ауп ишырҳәо. Дара уахь иахнагеижьҭеи 150 шықәса иреиҳаны иҵуеит. Ус анакәха, ҳџьынџьуаа иныҟәырго еиҳа ииашоуп. Жьиба зыхҟьаз, арацәа хыԥхьаӡарахь ииаугар, "Жьиаа" ҳәа иҟалоит, убри азы ашәҟәҭагалараан, аиԥшымзаарақәа цәырҵит", — иҳәоит иара.
Аҵарауаҩ Лили Ҳагԥҳа лакәзар, ажәлазы лхатә гәаанагара лымоуп. "Жьиба" ауп еиҳа ииашоу ҳәа азгәалҭоит.
"Ажәла "Ажьиба" иацу раԥхьатәи анбан "А" ашьаҭа иатәӡам, уи префиксуп. Арацәа хыԥхьаӡарахь ииугар, ирҳәоит Жьиаа, мамзаргьы д-Жьиԥҳауп, д-Жьибоуп шәҳәоит. Ажәлақәа Ажьибеи, Аргәыни еиҿҳарԥшуазар, арацәа хыԥхьаӡараҿы "Ажьибаҟны" "А" быжьшәоит, "Жьиаа" ҳәа иҟалоит. "Аргәын" аҟны, иаанхоит "Аргәынаа", мамзаргьы "А" ала иалаго даҽа жәлак, иаагозар "Анқәаб", уигьы арацәа хыԥхьаӡарахь ииаҳгар, "А" быжьшәаӡом, "Анқәабаа" ҳәа иаанхоит. "Ажьибеи", "Жьибеи", реиԥшымзаара зыхҟьаз, анкьа аӡәы ииашамкәа иахьаниҵаз ауп. Ари аҭоурых еилагароуп, "Жьиба" ҳәа зегьы идырҽеироуп, акәымзар наҟ-наҟ ажәлақәа хаз-хазы ишьақәгылоит", — ҳәа азылԥхьаӡоит аҵарауаҩ.
Ажәла аҭҵаара уалагозар, уи адацқәа даара иҵаулоуп, ашәышықәсқәа рахь ургоит. Аха зегь акоуп, ари аҭагылазаашьа аинтерес змоу акәны сахәаԥшуеит.