Амшаԥы аҿагылара анамазгьы ыҟан: Владимир Жьиба игәалашәарақәа

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПразднование католической Пасхи
Празднование католической Пасхи - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асовет Еидгыла аамҭақәак раан, ақьырсиантә динхаҵара аҿагылара аман, хымԥада уи иадҳәалаз аныҳәақәагьы аԥыхын. 1949-50 ашықәсқәа ирхаану Владимир Жьиба иаҳзеиҭеиҳәеит, аԥсуа ҭаацәарақәа маӡала Амшаԥы шазгәарҭоз атәы.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Ақьырсиантә ныҳәа хадақәа иреиуоу Амшаԥы аҽны, аԥсуаа рҟны жәытәла ишаԥыз еиԥш аишәақәа дыргылон, рыԥсцәа ргәалашәон, рхәы рырҭон. Аха Асовет Еидгыла аамҭақәак рзы, еиҳараӡак азеиԥш тәыла Сталин данахагылаз, уи ӷәӷәала иақәымчуан. Аҭаацәарақәа ирыцклаԥшуан, иаҳҳәап апартиа иалақәаз рахьтә аӡәыр маӡала аныҳәа азгәеиҭар, иаларцон, апартбилеҭқәа рымырхуан, аусурҭа ҭыԥқәа рзымԥшаауа аҟынӡа инарцон.

Сбор мандарин - Sputnik Аҧсны
Амандарина ҳанақәӡуаз аамҭагьы ыҟан

"Саныхәыҷыз аахижьҭеи ибзианы исгәалашәоит, аԥсуаа еиҳараӡак ажьырныҳәеи амшаԥи акы иаламҩашьо ишазгәарҭоз. Сталин ихаан, дарбанызаалак иара ишиҭахыу еиԥш аныҳәа даԥыломызт, азин имамызт. Зехьынџьара акылԥшыҩцәа рацәаҩын, аӡәы аныҳәа азгәеиҭеит ҳәа раҳар, иаразнак аиҳабыраҟны ацәгьа рҳәон. Аԥшәма дҭаркомызт, аха ауадаҩрақәа иоуратәы иҟалон", — еиҭеиҳәоит Владимир Жьиба.

Усҟантәи аамҭазы, ҩнаҭацԥхьаӡа агәаҭарақәа рымҩаԥгара мариамызт. Убри аҟнытә, Амшаԥы адырҩаҽны, ашколқәа рҟны, ашә аԥхьа аҷаԥшьаҩцәа дыргылон. Иааҩналоз ахәыҷқәа рнапқәа ирыхәаԥшуан. Ашәыга ашьҭа рбар, аҭаацәа аныҳәа азгәарҭеит, акәтаӷьқәа ршәит акәын иаанагоз. Аҵаҩы исахьа акарикатура алхны, абҩа иҿыҵакны, ашколтә аҭӡы газеҭ данырҵон, иҩызцәа ихдырччон.

"Ауаажәлар аиҳабыра шрықәымчуазгьы, амшаԥы маӡала иазгәазҭоз рацәаҩӡан. Убри аҟнытә, аҭӡы газеҭ ианыз ашколхәыҷқәагьы маҷҩымызт. Аҷаԥшьаҩцәа ҳџьабақәагьы гәарҭон. Акәтаӷьқәа шәны иаазгоз иҳамырхуан. Ҳаргьы, иаҳцәыргоз шкармыжьуаз ҳдыруан, изныкымкәа ҳрышьклаԥшхьан, акласс уада иҩнатәаны ишырфоз ҳбахьан" — игәалашәоит Владимир Жьиба.

Амшаԥы аҿагыла анамазтәи аамҭа далацәажәо, Владимир Жьиба даҽа хҭыск дазааҭгылеит.

Пасхальное богослужение в Сухумском кафедральном соборе Благовещения Пресвятой Богородицы - Sputnik Аҧсны
Аԥсцәеи абзацәеи рхәы рымазароуп: Чачхадыл аишәа иаҵоу акәамаҵама

"Сара Мгәыӡырхәатәи ашкол сҭан. 1950-тәи ашықәсқәа раан, еиҳараӡак араҟа аус зуоз ақырҭцәан. Аколлектив аҟны аӡәык-ҩыџьак ракәын иаԥсыуааз. Исгәалашәоит зны, амшаԥы адырҩаҽны, ашкол ашҭа ҳанааҭала, аҷаԥшьаҩцәа ҩаԥхьа ҳџьабақәа ирҭаԥшуа, ҳнапқәа гәарҭо ианалага, абҩарҵәыра ҳазҭоз Сандро Леиба, "шәызҿу закәыи, ахәыҷқәа шәырҟәаҵ" — ҳәа данырҿагыл, аисра аҟынӡа ишкылеибагаз. Ҳала зааԥшуаз ԥыҭҩык ақырҭуа рҵаҩцәа иԥҟеит. Нас ашкол адиректор аусура дамихит. Аха ҳазшаз имчала, хара имгакәа ҳашкол адиректор дырԥсахын, Сандро иусураҟны дшьақәдыргылеит", — абас Амшаԥныҳәа иахылҿиааз атәы далацәажәоит Владимир Жьиба.

Сталин иԥсҭазаара даналҵ, азакәанқәа кәадахеит. Ԥшьала ақьырсиантә дин амч аиуа иалагеит.

Владимир Жьиба иаҳзеиҭеиҳәеит, аӡәык-ҩыџьак рыда аԥсуаа Амшаԥы азгәарымҭакәа ишыҟамлацыз. Уимоу, аныҳәа иадҳәалаз, "гәылахәыла" захьӡыз аиҭанаиаарагьы шрымаз.

"Иарбан ныҳәазаалакгьы, амшаԥы налаҵаны, ҭаацәацыԥхьаӡа, агәыла ихәгьы дырмазеиуан. Аҽны, мамзаргьы адырҩаҽны, ааигәа-сигәа инхоз еиҿцаауан "гәылахәыла" ҳәа. Доусы хкы-хкыла афатә асаара инҵаны, агәыла диҭаауан. Зыҟны дыҟаз иакәзаргьы, ичыс инапы иқәыргыланы иара иахь днеир акәын", — ҳәа ажәытә ҵас далацәажәеит абырг.

Иҟан аԥсылман дин ауп иныҟәаҳго ҳәа Амшаԥы азгәазымҭозгьы, аха агәылацәа рҟны ианнеилак рдин анырхашҭуаз.

"Зны ҳаԥсылманцәоуп ҳәа зҳәоз ҳгәылацәақәак, Амшаԥы аҽны, аныҳәа азгәазҭоз аӡәы иҿы ианнеи, агылашьа иақәымшәакәа, хәлаанӡа аҩыжәра иаҿын. Аԥшәма игәы анԥҵәа, "шәара шәыҩны акәзаап шәахьԥсылманцәоу, агәылара шәаннеиуа шәқьырсианцәахозаап" ҳәа аҽԥныҳәа риҭеит. Уи нахыс, даргьы Амшаԥы азгәарҭо иалагеит", — ҳәа алаф ахиҳәаауеит Владимир Жьиба.

Иахьа, анцәа ду имчала, аԥсуаа зегьы ҳгәы ишаҭахыу еиԥш аныҳәа азгәаҳҭаратәы алшареи аҭагылазаашьеи ҳамоуп. Хәыҷи-дуи ҳазшаз илԥха шәымазааит, илаԥш хаа шәхызааит!

Ажәабжьқәа зегьы
0