"Скрипальраа рус аҿы" ахаҿ ҿыцқәа рыӡбахә цәырыргеит

© AP Photo Ben Birchall/PAБританские эксперты в Солсбери рядом с местом, где был найден Сергей Скрипаль и его дочь
Британские эксперты в Солсбери рядом с местом, где был найден Сергей Скрипаль и его дочь - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сергеии Иулиеи Скрипальраа хәажәкыра 4 рзы Солсбери ашҳам рыҭан. Ахҭыс жәларбжьаратәи ахцәажәара ахылҿиааит.

АҞӘА, цәыббра 17 — Sputnik. Британиатәи амаҵзура ҷыдақәа рыԥшаара иашьҭоуп Сергеии Иулиеи Скрипальраа ахәшә шҳам рырҭеит ҳәа иршьо Александр Петрови Руслан Боширови ирыцхраауаз аҽа ҩыџьа ауаа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости аҭыжььымҭа Sunday Mirror адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Маргарита Симоньян - Sputnik Аҧсны
Симониан Скрипальраа "ашҳам рызҭаз" дрыҿцәажәеит

"Агәаанагара ыҟоуп Петрови Боширови ацҳаражәҳәарҭаҿ аус зуа акуратор иԥылар алшон ҳәа, аԥшьбатәи ахаҿы, аҳақьым, аоперациа зегьы хылаԥшра аиҭон ҳәа"?— аҩуеит амаҵзура.

Аҭыжьымҭа агәаанагарала, Лондон "агенты ГРУ" ҳәа зыхнаҳәааз Петрови Боширови егььырҭ ацәгьоура иалахәын ҳәа агәҩара ззыҟоуи еиԥылар алшон Лондонтәи асасааирҭа City Stay Hotel аҿы рҽанҭарыҩ ашьҭахь.

Сергеии Иулиеи Скрипальраа хәажәкыра 4 рзы Солсбери ашҳам рыҭан. Ахҭыс жәларбжьаратәи ахцәажәара ахылҿиааит. Лондон — иҟалаз Москвоуп изыхҟьаз аҳәеит. Цәыббрамза алагамҭазы Скрипальраа ахәшә рызҭаз ҳәа рыхьӡ рҳәеит — Александр Петрови Руслан Боширови. Москва Лондон ахь ааԥхьара ҟанаҵеит аҽыԥныҳәаҟаҵара аасҭа аусеицурахь ииасырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0