Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Басариа Цәыббрамзатәи ажәыларазы: Аҟәа ииз зегь раԥхьа ҳалалар ҳҭахын

© Sputnik / Томас ТхайцукАдгур Басария
Адгур Басария - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Леон иорден занашьоу, Аҟәатәи абаталион аибашьҩы Адгәыр Басариа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Аԥсны ахақәиҭтәразы Цәыббрамзатәи ажәылара.
"Хра злоу ахҭысқәа": Басариа Цәыббрамзатәи ажәыларазы

"Ешыра лбаатәи ацҳала ҳцон, Аҟәатәи абаталион 120-ҩык ҳаҟан. Ацҳа ҳақәсит, уа игылан ақырҭқәеи аурысцәеи аԥсуааи. Ақырҭуа даҳгеит аминақәа ахьыҵаз ҳирбаларц. Иаҳҳәеит ҳшимылакьысуа аминақәа ҳрылигар.Абаталион еиқәирхеит. Ус иҟалалон аибашьраан, ақырҭқәеи аԥсуааи еиқәшәаны мчыла еиҟараны  ианеиԥырҵуаз, анаҩс ҩаԥхьа ҳаиҿагылон. Ашара иалагон Учхоз анаҳгоз, ԥшьеихагылак иҟаз аҩнаҟны ҳаԥсы ҳшьоит ҳәа ҳнеит. Ақырҭқәа ҳақәлеит, шьыжьынӡа иқәаҳцеит. Ҩымшҟа уа ҳаҟан. Анаҩс быжьҩык раҟара уахынла аԥшыхәара ҳцеит Массив Учхози рыбжьара шыҟаз. Хыдҵаны ҳаԥхьа иқәгылан ҳаԥхьаҟа аҭагылазаашьа зеиԥшроу аилкаара. Аҭыԥ аанкыланы ҳтәар акәын. Егьырҭ аибашьцәа шьхала илыбаауан. Ҳара ҳҭыԥ аҟынтәи ҳжәылозшәа ҟаҳҵар акәын. Ҩнык гылан х-еихагылак иҟаз аурымцәа ртәы ҳәа иашьҭан. Жәа- метрак раҟара агын ҳнеирц, ҩ-еихагылак рҟынтәи ахыршәгақәа рыла иҳаихсуа иалагеит. Ҳара уи аҩны ҳжәыланы иаҳгеит. Ҳара ҳтәқәа ирзымдыркәа иҳаихсуа иалагеит, ҳрыбжьахеит ҩ-мцак. Нас ҳа ҳтәқәа неит. Уа хыҩнык ыҟан, ақырҭцәа рыгәҭа  ҳабжьалеит. Ԥшьымш ҳаҟан уа, аӡәы патронак фатәык ҳазнеигартә иҟамызт. Амандарина иаҵәа ҳфон, аӡгьы ҳамамызт. Ҳахьыҟаз аҩнқәа рблит, убарҭ рыҵантәи ҳхысуан. Аҷкәынцәа рылақәа аҵәқәа ҭадыргылон имыцәарц. Агәкаҳара ыҟамызт, Аҟәа ииз ҳакәын, зегь раԥхьа ҳнеир ҳҭахын", — иҳәеит Басариа.

Адгәыр Басариа иҿцәажәара инарҭбаан шәаԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0