Sputnik
- Иугәалауршәар сҭахын 25 шықәса раԥхьа арҭ амшқәа рзы имҩаԥысуаз ахҭысқәа…
— 120-ҩык злаз аҟәатәи абаталион ҵаҟатәи ацҳа ала ҳҿынаҳхеит. Ацҳа ҳанықәс анаҩстәи амҩа итҟәаны иҳамаз ақырҭуа иаҳирбон, избанзар уаҟа ирацәаны артҟәацгақәа адгьыл иҵан, Учхозынӡа неишьа амаӡамызт. Иара ҳманшәаланы аҭыԥ аҟынӡа ҳнеигар ахақәиҭра дақәҳаргәыӷит, ус иагьыҟаҳҵеит. Аибашьраҿы ус иҟалалоит. Абџьаршьҭыхла ҳшеиҿагылазгьы зны-зынла аԥсуааи ақырҭқәеи наҟ-ааҟ ҳаиҿатәаны ҳанцәажәалозгьы ыҟан. Ашамҭазы ҳара Учхоз ҳгеит. Ауха маҷк ҳаԥсы неиҭаҳкырц аҩнеихагыла аҵаҟа ҳаныԥхьа ақырҭқәа ҳақәлеит. Аха зегьакоуп, иаҳаулакь шьыжьынӡа дара ықәаҳцеит. Ҩымшҟа уа ҳаҟан. Анаҩс быжьҩык-ааҩык Массиви Учхози рыбжьара ҳагәылалеит. Избанзар амҩа алхтәын, игәаҭатәын ҳазцо ҳзымцо. Дҵас иҳамаз уаҟа ахырӷәӷәарҭа аанкыланы ажәылара ахахьы агара акәын. Уаанӡа ҳара ҳтәқәа шьхала илбаауан. Ақырҭқәа уахьынтәи ҳжәылозшәа дҳарбон. Ҳахьнеиз хеихагылак змаз аҩны аҟнытә ҳаихсра иалагеит. Ҩ-пулемиотк ҩ-етажк рҟынтәи амца ҳажәырҵеит. Дареи ҳареи жәабаҟа метра ракәын иҳабжьаз, аха ҳара иаҳаулакгьы уи аҩны агара ҳалҳаршеит. Ҳара ҳтәқәа уи аҩны шаҳгаз рыздырӡомызт аҟнытә ҳашьҭахьҟала ҳаихсра иалагеит.
Адгәыр Басариа иҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>
Зынӡа хыҩнык ыҟан. Убас иалҵит, ҳара ақырҭқәа рыгәҭа ҳабжьалеит, ҳрыхҭыгәлеит ҳәа ҳҳәаргьы ҟалоит. Аҩнқәа рыхԥагьы аанкыланы актәи аҟынтәи амҩахь ҳхысуан, аҩбатәи аҟынтәи аихамҩахь ҳхысуан, ахԥатәи аҟынтәи ҳашиашо ҳхысуан. Ус ҳа ҳтәқәагьы ҳахьӡеит. Ԥшьымш уа ҳаҟанаҵы аӡәы абџьар ма афатә неигартә иҟамызт аҭагылазаашьа. Ааигәа-сигәа иҟаз ашәыр ҳаԥшаауан, амандарин шиаҵәаз иаҳфон, убри ҳҽалаҳагӡон. Аӡыцқьа ҳазҭодаз, ӡытҟәак ҳаԥшаар амарлиа ала ихрыцқьаашәа иаҳжәуан. Ҳахьыҟаз аҩнқәагьы рбылит, аҩны аҵаҟа ҳцәыцатәаны ҳаибашьуан. Ҳара ҳтәқәа уи аамҭазы Учхоз ахырӷәӷәарҭа ааныркылеит. Дареи ҳареи 100-150 метра ҳабжьан. Аҭыԥ шааигәазгьы уаанӡа анеира хымш ҳаҭаххеит.
- Аӡы шәымамызт, аџьаԥҳаны шәымамызт, амла шәакуан… Убри аамҭазы шәанеицәажәоз шәыҩнуҵҟатәи аҭагылазаашьа шԥаҟаз?
— Имаҷӡаны ҳцәажәон. Ари аҩыза ашәарҭара ахьыҟоу ажәада уеилибакаауеит. Минуҭкгьы ҳгәы камыжькәа Аҟәа агаразы ҳақәԥон. Мчыбжьык ашьҭахь уаантәи Массив ҳцеит. Уаҟагьы ҩымш ирылагӡаны ақырҭцәа зегьы ықәаҳцеит. Ари ажәылараҿы 18 ҩык ҳацәҭахеит, 60 ҩык раҟара ахәрақәа роуит. Зеиԥшла иуҳәозар, 120 ҩык ҳахьыҟаз, ҳаибга-ҳазҩыда ҳалҵит 20-ҩык раҟара. Ас ҳанмаҷха, азнык азы ҳаҵахозшәагьы ҳгәы иабеит, уи ацәанырра ахаан исхамышҭуа акоуп. Ҳхынҳәны ҳанцоз ҳашьцәа аӡәы даанмыжькәа зегьы алаҳгеит. Усҟан иаҳбеит дара рхыԥхьаӡарагьы шырацәаз. Анаҩс уаантәи арезерв гәыԥқәа жәыларада Моиакынӡа инаӡеит.