Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Сабуа амшын аҟны агәаҭарақәа ирызкны: хәшьарас хԥа ықәургылар ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукТенгиз Сабуа
Тенгиз Сабуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зышәагаа маҷу амшынӷбақәа рзы аинспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гагра иахьаҵанакуа аурыс ҳәаахьчаҩцәеи дареи имҩаԥыргаз агәаҭарақәа ртәы.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Сабуа амшын аҟны агәаҭарақәа ирызкны

"Ас еиԥш иҟоу агәаҭаракәа мызкахьы знык-ҩынтә имҩаԥаагоит. Гагреи Пицундеи зышәагаа маҷу амшынӷбақәа змоу рышәҟәқәа гәаҳҭон. Жәохәҩык рҟынӡа ахьгәаҳҭаз, абжеиҳараҩык рышәҟәқәа еиқәшәан. Егьырҭгьы ахараԥсақәа рзылҳамҩааӡеит, ираҳҳәеит ирыгу  дырҽеирц. Игәаҳҭон ашәарҭадара азҵаарақәа ахылаԥшра ахьынӡарымоу. Ауаа мҩанызго анышь акәзар аиқәырхагатә шәҵатәқәа рыла еиқәшәазароуп, зыгьы рыцыԥхьаӡа рымазароуп. Агәаҭарақәа ахәшьара рыуҭозар, хԥа ықәургылар ҟалоит. Уажәы ахараԥсақәа еиҳаны иҟарҵеит. Иҟалап, уи иацәшәаны зегьы рышәҟәқәа ишахәҭоу иҟазҭгьы, иара убас аиқәырхага шәҵатәқәа рыла иахьеиқәшәаз убри иахҟьазар", — иҳәеит Сабуа.

Ажәабжьқәа зегьы
0