Апарламент ақәшаҳаҭхеит Аиааира 25 шықәса ахыҵра иадҳәалоу амнистиа

© SputnikСИЗО Дранда.
СИЗО Дранда. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит ашәахьа, цәыббра 24 рзы.

АҞӘА, цәыббра 24 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Апарламент аҟны адепутатцәа рыбжьы рҭиит "Аиааира Амши Аԥсны Ахьыԥшымра Амши 25 шықәса рхыҵра – 2018 шықәса цәыббра 30 амшныҳәаз амнистиа рылаҳәараз" Ақәҵара адкыларазы.

Ақәҵара адепутатцәа ирыдигалеит азинтә политика аилак ахантәаҩы Валери Агрба.

Памятная монета «Аиааира 25» - Sputnik Аҧсны
Аиааира амш аламҭалаз Аԥсны иҭрыжьит агәалашәаратә ԥсар "Аиааира 25"

"Аԥснеиԥш егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыҿгьы амнистиа рылаҳәара ҵаҵӷәыс иамоуп агуманизмра. Аиҳарак иара рыларҳәоит амилаҭтә ныҳәақәеи аиубилеиқәеи раамҭазы. Амнистиа адунеи зегь аҟны ахархәара амоуп", — иҳәеит Агрба.

Амнистиа акыр хра амоуп, амнистиа иаҵанакыз ацәгьоуцәа рыҩныҵҟа ацәгьоура апроцент акыр илаҟәуп, хә-процентк иреиҳам иҳәеит адепутат. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы Аԥсны бжьынтә амнистиа рыларҳәахьеит.

"Ақәҵара инақәыршәани агуманизм напхгагас иҟаҵани ажәалагала ҟаҳҵоит хышықәса инаркны хәышықәсанӡа зықәҵаны иҭаку ахаҿқәа рхы иақәиҭтәызарц", — иҳәеит аилак ахантәаҩы.

Амнистиа иаҵанакуеит 1992-1993 шықәсқәа раантәи Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, актәии аҩбатәии агәыԥқәа ирыҵаркуа аинвалидцәа, арыԥҳачымазара змоу, акьыбачымазара змоу. Иара убасгьы амнистиа иаҵанакуеит раԥхьаӡа акәны ашьаус зықәҵоу аҳәсақәа.

"Амнистиа иаҵанакуеит машәырла ацәгьа зымпыҵҟьаз, зықәра намӡац ахәыҷқәа змоу аҳәса, ахәыҷхымхәацәа змоу аҳәса, зцәа зтәым аҳәса иара убасгьы 55 шықәса ирҭысхьоу аҳәсеи 60 шықәса зхыҵхьоу ахацәеи, зықәра намӡақәаци", — иҳәеит Агрба.

Жәлар Реизара ақәҵарала амнистиа иаҵанакуам уаанӡа зыԥхьагәаҭарыла ацәгьоуразы иҭаркхьаны аҽазнык рхақәиҭра иалхәыдатәны иҭаркыз, уаанӡа амнистиа иаҵанакны зхы иақәиҭтәыз, аха аҽазныкгьы ацәгьара ҟазҵаз ахаҿқәа.

"Амнистиа иаҵанакуам ацәгьоура бааԥсқәа: ауаҩшьра, ауаҩы иӷьычра, ауаҩԥсы иԥсҭазаара далхәыдатәхартә еиԥш агәабзиара ааха азҭаз, ацәаԥҽра иаҵанакуа ацәгьоурақәа зуыз, еиҿкаарыла игәыԥны ақәылара-рҳәра ҟазҵаз, атерроризм иалахәыз, ауаа шасыс изгаз, анаркотикатә маҭәашьарқәа рылазырҵәоз, закәаншьаҭада анаркотикатә маҭәашьарқәа атәыла иалазгалози иалызгози ахаҿқәа", — ҳәа еиқәиԥхьаӡеит адепутат.

Иара убасгьы амнистиа иаҵанакуам аҳәынҭқарра аԥсахреи, ашпионажи, аҳәынҭқарратә ма ауаажәларратә усзуҩ иԥсҭазаара ашәарҭара аҭаргылара зҽазызшәази, бџьаршьҭыхрала ақәгылара аԥшьызгази, адиверсиа ҟазҵази, анаркотикатә маҭәашьарқәа идкыланы амҩатә ныҟәара аԥҟарақәа еилаганы ауаҩԥсы иԥсҭазаара далызхызи ахаҿқәа.

"Амнистиа Аиааира амши Ахьыԥшымра амши 25-шықәса рхыҵра иахьадҳәалоу инамадани еиуеиԥшым аполитикатә партиақәа: аполитикатә партиа "Амцахара", аветеранцәа реиҿкаара "Абааш", аиҿкаара "Анацәа рхеилак", Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа рфонд иҟарҵаз аҳәарақәа инарықәыршәаны ҳаилак ажәадгала ауеит Ақәҵара аабатәи ахәҭа апункт 3 ишьақәдыргыло аԥкырақәа аибашьра алахәылацәа аҵаркымхарц, ацәгьара бааԥс зуыз аалхны", — иҳәеит иара.

Валери Агрба иазгәеиҭеит амнистиа иаҵанакыз аԥхасҭа зауз ахаҿқәа рыԥхасҭа ахарҭәаара амнистиа ишрыхнамхуа. Аԥсны Апарламент Ақәҵара анагӡара мҩаԥгахоит ҩымз рыҩныҵҟа.

Ақәҵара адкыларазы 23-ҩык адепутатцәа рыбжьы рҭиит, аӡәы абжьыҭира иҽацәхьеикит.

Ажәабжьқәа зегьы
0