Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа адныҳәаларақәа рыдыркылеит

© Фото : предоставлено Саидой ЖибаГагра
Гагра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа адныҳәаларақәеи, азеиӷьашьарақәеи, аҳамҭақәеи рыдыркылеит.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Гагра араион арҵаҩцәа рзанааҭ Еидгыла ахантәаҩы Марина Богаеви, Гагратәи абжьаратә школ №2 аҵаҩцәеи, арҵаҩратә еилазаареи, акультура аҟәша аусзуҩцәеи, афольклортә ансамбль "Кьараз" ахкынагӡаҩцәеи, Аиааира амш 25 шықәса ахыҵра аламҭалазы иаҭааит Гагратәи ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр, араҟа зҽызхәышәтәуа аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа ирыдырныҳәаларц.

Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы ҷыдалатәи аконцерт мҩаԥган Гагра - Sputnik Аҧсны
Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа рзы ҷыдалатәи аконцерт мҩаԥган Гагра

Аибашьра аветеранцәа-аинвалидцәа гәахәара дула ирыдыркылеит ирызнеиз асасцәа. Раԥхьа иргыланы ажәа рыман ашколхәыҷқәа. Дара ирыԥхьеит апатриоттә жәеинраалақәа, инарыгӡеит ашәақәа, иқәдыргылеит амилаҭ кәашара.

"Ҳарҭ, аибашьра анцоз алаӷырӡ каҳамҭәеит, аха шәара ишәылшеит ҳгәы арԥшаара", — ҳәа азгәарҭеит аветеранцәа, Лаҭатәи атрагедиа иазкыз ажәеинраалақәа ианырзыӡырҩы ашьҭахь.

Гагратәи абжьаратә школ №2 ахьӡала, аибашьцәа ирызнаган аҳамҭақәа.

Гагра араион арҵаҩцәа рзанааҭ Еидгыла ахантәаҩы Марина Богаева лыхәҭакахьала аветеранцәа ирыдылныҳәалеит иааиуа Аиааира амш, ирзеиӷьалшьеит агәабзиареи, ақәранҵыреи.

"Асолдаҭ абџьари амчи имамзар ауеит, аха Аиааирахь агәазыҳәареи, агәрагареи имазароуп, изҭазароуп агәаӷь. Уи ус шакәугьы аарԥшын Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан", — инаҵылшьит лара.

Анаҩс, Гагратәи афольклортә ансамбль "Кьараз" ахкынагӡаҩцәа аибашьра аветеранцәа рзы инарыгӡеит афырхаҵаратә ашәақәа.

© Фото : предоставлено Саидой ЖибаГагра
Гагра - Sputnik Аҧсны
1/3
Гагра
© Фото : предоставлено Саидой ЖибаГагра
Гагра - Sputnik Аҧсны
2/3
Гагра
© Фото : предоставлено Саидой ЖибаГагра
Гагра - Sputnik Аҧсны
3/3
Гагра
1/3
Гагра
2/3
Гагра
3/3
Гагра

Ансамбль "Кьараз" алахәцәа реиҳараҩык аибашьра аветеранцәа роуп. Дара рахьтә иҟоуп аинвалидцәагьы. Убри аҟнытә, ибзианы еилыркаауеит рҩызцәа рхьаа.

"Иахьатәи ҳақәгылара ала, маҷк ҳашьцәа рхьаа хаҳҽыр, ргәы рхаҳаршҭыр ҳҭаххеит, иҳалшеит ҳәагьы сгәы иаанагоит", — иҳәеит афольклортә ансамбль "Кьараз" асахьаркыратә напхгаҩы, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Алик Чуаз.

Аветеранцәа-аинвалидцәа, асасцәа иаадырԥшыз агәцаракразы гәык-ԥсыкала иҭабуп ҳәа рарҳәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0