Аракета-космостә корпорациа 2025 шықәсанӡа иҭнажьраны иҟоуп 17 ӷба

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗапуск РН «Союз-2.1А» С ТГК «Прогресс МС-09» с космодрома Байконур
Запуск РН «Союз-2.1А» С ТГК «Прогресс МС-09» с космодрома Байконур - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аракета-космостә корпорациа "Энергия" хышықәса ҵуеит акосмостә ӷбақәа "Союз" ҭнажьуеижьҭеи.

АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik. Аракета-космостә корпорациа "Энергия" 2025 шықәсанӡа иҭнажьраны иҟоуп жәибжь акосмостә ӷбақәа "Союз". 2025 шықәса рзы аусура хнаркәшоит акосмостә станциа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла, ЕАШ, Европатәи акосмостә маҵзура, Иапониа, Канада еилацәажәеит акосмостә станциа 2024 анҵәамҭанӡа рхы иадырхәарц.

Аплан-график инақәыршәаны "Союз МС" 2025 шықәсанӡа иҭрыжьуеит, астанциахьгьы ирышьҭуеит. 2019 шықәсазы идәықәырҵоит 4 ӷбак, 2020 шықәса инаркны – есышықәса ҩба-ҩба "Союза МС" ҭнажьуеит.

Адокументқәа рҿы ишарбо ала "Союза МС-10" аԥырра арбоуп: жьҭаара 11, 2018 шықәса рзы; ԥхынҷкәын 20 рзы иԥыруеит "Союз МС-11", мшаԥы 5, 2019 шықәса рзы –"Союз МС-12".

Планла ишьақәыргылоуп егьырҭ аӷбақәагьы рыԥырра аамҭа: 2019 шықәсазы, ԥхынгәы 10, жьҭаара 11; 2020 шықәса рзы мшаԥы 15, жьҭаара 21; 2021 — 2024 шықәсқәа рзы хәажәкыреи, цәыббреи амзақәа рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0