Урыстәылатәи артиллеристцәа "еиҭаҵуа аминаршәгақәа" рхы иадырхәоит

© Sputnik / Антон Вергун / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения отряда СОБР управления Росгвардии по Белгородской области
Учения отряда СОБР управления Росгвардии по Белгородской области - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп 1,5 нызқь рҟынӡа аррамаҵзурауааи 400 инареиҳаны арратә техникеи, ҳаамҭазтәи акәылӡтәы транспартиорқәа БТР-82АМ атанкқәа Т-72Б3 абрахь иналаҵаны.

АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла арратә база артиллериа аҟәша имҩаԥырго аҽазыҟаҵарқәа рҳәаа иҭагӡаны раԥхьаӡа акәны рхы иадырхәеит "еиҭаҵуа аминаршәгақәа" ҳәа аанацҳауеит РИА Новости арратә округ апресс-маҵзура ахада Вадим Астафьев иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

"Автомобиль КамАЗ иақәгылоу аминаршәгақәа ахархәара рыҭахеит арратә округ нанҳәамзазатәи аҽазыҟаҵарақәа раан. Ари абџьархкы иалнаршоит артиллериатә расчотқәа аамҭакьаҿк иалагӡаны рпозициақәа рыԥсахра", — иҳәеит иара.

Аҽазыҟаҵарақәа раан ахысрақәа мҩаԥысуан ҳаамҭазтәи аԥшыхәратә комплексқәа, аимадара акомплексқәа "Стрелец", артиллериатә ԥшыхәратә комплексқәа "Зоопарк" рхархәарала.

Ԥхьаҟатәи аҽазыҟаҵара аетапқәа раан амотохысратәи аԥшыхәратәи, атанктәи ррамаҵзурауаа рҽазыҟаҵара мҩаԥыргараны иҟоуп ашьхара иахьаԥнуи мшынԥшаҳәаҿи, Аладатәи арратә округ авиациеи афлоти ирнырны.

Иҟалар зылшо аибашьратә ҭагылазаашьа аԥҵан аполигонқәа "Ҵабали" "Нагвалоуи"акомпиутортә шьақәгылақәа рхархәарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0