АҞӘА, цәыббра 27 — Sputnik. Аилатәара аартуа аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аханатәаҩы Беслан Ҵнариа инаҵшьны иазгәаиҭеит, цәыббра 27 акыр зҵазкуа рыцхәны ишыҟоу. Аилак анаԥҵаха ҩышықәса рышьҭахь арҭ амшқәа рзы ахы иақәиҭҭәын ҳапсадгьыл.
"Аиааира агара алыршахеит ажәлар иаадырԥшыз афырхаҵареи акзаареи ирыбзоураны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа. Ирацәаҩуп Аԥсны ахақәиҭтәра зхы ақәызҵаз."
Аԥсны иҟоу Урыстәыла афедератлә аҳазалхратә маҵзура ахаҭарнак Сергеи Иванов иазгәаиҭеит Урыстәылеи Аԥсныи рҳазалхратә маҵзурақәа ишрыбжьоу аимадара бзиа.
"Иахьатәи арыцхә ҳара ҳзгьы акыр аҵанакуеит. Ессминуҭк, уахынлаз-ҽынлаз, ҳҩызцәа амаҵзура ныҟәыргоит", — иҳәеит Иванов.
Агәырӷьаратаә еилатәараҿы Аԥсны аҳазалахратә маҵзура иалкааз аусзуҩцәа ирыҭан аҳаҭыртә шәҟәқәеи, амедалқәеи.