Монтсеррат Кабалье ахәышәтәырҭахь днагоуп

© Sputnik / Владимир Родионов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОперная певица Монсеррат Кабалье во время выступления в Москве.
Оперная певица Монсеррат Кабалье во время выступления в Москве. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи аконцерттә тур Кабалье имҩаԥылгеит 2012 шықәса рзы.

АҞӘА, цәыббра 27— Sputnik. Адунеи зегьы аҟны еицырдыруа испаниатәи ашәаҳәаҩ Монтсеррат Кабалье иаалырҟьан Барселона ахәышәтәырҭахь днаган. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости агазеҭ Vanguardia адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

85-шықәса зхыҵуа ашәаҳәаҩ хәымш раԥхьа ахәышәтәырҭахь днаган лгәамбзиара иахҟьаны. Уажәы лара лыхәышәтәра ишахәҭоу еиԥш имҩаԥысуеит, иалшоит иаарласынгьы дылырҩаарц.

Кабалье адунеи аҟны деицырдыруа дҟалеит иҷыдоу бельканто анагӡаралеи Россини, Беллини, Доницетти рыклассикатә операқәа рынагӡаралеи. 1965 шықәсазы, Гаетано Доницетти иопераҿ Мерилин Хорн данылыԥсах ашьҭахь лыхьӡ рылаҵәеит.

Аҵыхәтәантәи аконцерттә тур Кабалье имҩаԥылгеит 2012 шықәса рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0