"25 шықәса ҵит Аиааира ҳгеижьҭеи. Шьала икәабоуп ҳ- Аԥсны. Ҳзеибашьуаз закәыз шәдыруеит, дара рзы еиҳабы еиҵбы ыҟамызт, зегьы ршьуан. Ишыжәдыруа еиԥш, Кәыдры ҳаиқәшәеит амза 29 рзы. Ҳанеиқәшәа убриаҟара гәырӷьаран, уи ажәала исызҳәом шаҟа ар ргәы шьҭнахыз. Имаҷума шықәсыки ҩымзи ашьаарҵәыра ҳалагылан, иахьа-уаҵәы ҳәа ҳшыԥшыз иҟалеит абри амш. Знык ҳанеиқәшәа нас ҳнызкылодаз. Кәыдры ҳнеиаанӡа дара иааҟәымҵӡакәа ажәыларақәа ҟарымҵоз, арациа ала иуаҳауаз акы акәын "Судьба Грузии от вас зависит, прорывайте" ҳәа. Убриаҟара ацхыраара иаҳәон Аҟәа амацәаз иҭахаз ақырҭқәа. Лаҭала ашьхақәа ирхысны зхы иахәоз ҳәа иҟаз хәыҷгьы-дугьы зегьы шьапыла ицеит. Уи даара ицәгьаз мҩан. Аҟәеи Галеи еимаздоз амҩаду ала аӡәгьы дзымцеит, амҩақәа ҳкит ҳара", — иҳәеит Кәыҵниа.
Кәыҵниа: Кәыдры аҩ-фронтк ҳаиԥылара шықәсыки мызки ҳазыԥшын
16:41 29.09.2018 (ирҿыцуп: 09:22 30.09.2018)
© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Квициния
© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Аҭаратәи абаталион адҵаҟаҵаҩ, Аԥсны Афырхаҵа Беслан Кәыҵниа арадио Sputnik аефир аҟны игәалаиршәеит Кәыдры ацҳаҟны Мрагыларатәи Мраҭашәаратәи афронтқәа реиқәшәара.
"Аибашьра иалахәыз, ихыҭҳәаам ахҭысқәа":Кәыҵниа Кәыдры афронтқәа реиқәшәара атәы