Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Саим Аҩӡба: аԥсуаа ахьыҟазаалак хьӡылагьы хьымӡӷылагьы еилахәызароуп

© Sputnik Саим Аҩӡба
Саим Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра аветеран, Ҭырқәтәылантәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара иааз Саим Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны иазгәеиҭеит дшыхәыҷыз аҩнаҭаҟны еснагь ишиаҳауаз Аԥсныҟа ихынҳәыроуп ҳәа.

Саим Аҩӡба: аԥсуаа ахьыҟазаалак хьӡылагьы хьымӡӷылагьы еилахәызароуп
"Аԥсуаа иахьыҟазаалак ҳьӡыла еилахәызар, хьымӡӷылагьы еилахәызароуп. Ари ахдырра зегьы рҿы иҟамзар ҟалоит, аха ԥытҩык рҿы, хымԥада, иҟоуп, иахьа иаҳагьы иацло иалагеит. Санхәыҷыз ҳаҩнаҭаҟны амагнитофон Аԥснытәи ашәақәа аҳәон, сан ажәабжьқәа ҳзеиҭалҳәон. Лара лаб Аԥснынтәи инеиз иакәын. Мышкызны зегьы уахь ҳцароуп ҳәа лҳәалон еснагь.  Уи сшьа иалалеит, ахәыҷы дшыуааӡо еиԥш ауп дшыҟало. Санхәыҷыз инаркны Аԥсныҟа аара сгәы иҭан. 23 шықәса схыҵуан аибашьра ианалага, актәи агәыԥ срыцны сзымааит, хырԥашьа змам усқәак ирыхҟьаны џьара сыҟан, иара убас сангьы соулмыжьуа  далагар ҳәа сшәон. Ашьҭахь иҟасҵара сзымдыруа сықәхеит, сгәамҵхамҵуа сыҟан, сашьцәа афырхацәа гәырԥынҵак иадымхакәа акы срыхәаргьы срывагылар сҭахын, ҳьымӡӷны исыдхалеит. Ашьҭахь сан ус лҳәеит: "Уара аԥсуара ҳәа уиаҟара зымҳәоз ачкәынцәа цеит, уара узтәеи? Амала ухы хьча, ианысҭаху уааи" ҳәа. Ари ансаҳа иџьасшьеит, сгәырӷьаҵәа сҟалеит", — ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.

Ажәабжьқәа зегьы
0