АҞӘА, жьҭаара 4— Sputnik. Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Вершинин аҳәамҭа ҟаиҵеит С-300 Шьамтәыла аҳауаҽацәыхьчара аус иацхраауеит ҳәа. Абир атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Аракето-зениттә комплексқәа С-300 Шьамтәыла амазаара аҳауаҽацәыхьчара ахаҭабзиара акыр иҳаранакуеит. Уи адагьы С-300 Шьамтәылаҟа анашьҭра иашьҭанеиуеит егьырҭ, атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу зыӡбахә иҳәахьоу ашьаҿақәагьы" — иҳәеит иара.
Цәыббрамзазы Урыстәылатәи аган Шьамтәылатәи аган иазынанашьҭит ҳаамҭазтәи аҳауаҽацәыхьчаратә комплексқәа С-300.
"Амза нҵәаанӡа Урыстәылатәи аган Шьамтәылатәи аган иазынанашьҭраны иҟоуп ҳаамҭазтәи аҳауаҽацәыхьчаратә зениттә-ракетатә комплексқәа С-300. Иара иамоуп алшара 250 километра аҟынӡа ахьыбжьоу ақәылараз ишьҭу амыруга аанкылара", — иҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистр Сергеи Шоигу.
Шоигу иажәақәа рыла, С-300 Шьамтәылатәи ПВО алшарақәа акыр иарӷәӷәоит.