АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik. НАТО атәылақәа жәпакы агәҭынчымра рызцәырнагоит Урыстәыла Амшын еиқәаҿы аҟазаара иҳәеит НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Иахьа, еиҭахгьы иалацәажәан Қырҭтәыла аҵакыратә акзаареи, асуверинитети, ашәарҭадареи адгылара шрыҭатәу. Ҳара Урыстәылахь ҳхы нарханы ааԥхьара аауеит Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара мап ацәнакырц, арратә мчқәагьы арҭ арегионқәа рҟынтәи иалгазарц", — иҳәеит иара.
Столтенберг иазгәеиҭеит Урыстәыла Амшын еиқәаҿы аҟазаара НАТО агәҭынчымра рызцәырнагоит ҳәа.
Уаанӡа НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг Бриуссель, ԥхынгәы 11-12 рзы имҩаԥысуаз НАТО асаммит аҿы Қырҭтәыла алианс иалахәылахоит ҳәа иҳәахьан.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова Қырҭтәыла НАТО иалалоит ҳәа Столтенберг иҳәамҭа ахҳәаа алҭеит, иагьазгәалҭеит уи ахҟьа-ԥҟьақәа шаиуа.
"Ҳара уаанӡагьы иаҳҳәон, иагьаҳҳәоит алианс иалам атәылақәа ҿыц ралалара Европатәи континент аҿы аҭагылазаашьеи ашәарҭадареи анырра рырымҭар шамуа. Урҭ хымԥада рыхҟьа-ԥҟьақәа ҟалоит. Уи атәы ззаҳҳәо Қырҭтәыла амацарагьы акәӡам", — лҳәеит лара абрифинг аҟны.
Қырҭтәылеи НАТО русеицура хацыркхеит 1994 шықәсазы, Қырҭтәыла апрограмма "Партнерство ради мира" ианалала ашьҭахь. 2008 шықәса рзы Бухарест НАТО асаммит аҿы иазгәаҭан Қырҭтәыла НАТО иалалар шалшо атәы.
Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит анапахьы аагаразы. Урыстәыла ар аланагалеит. Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.