Медведев: Қырҭтәыла НАТО алалара ахылҿиаақәа аиуеит

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмериканские военные в Грузии. Архивное фото.
Американские военные в Грузии. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
НАТО Иенс Столтенберг уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵахьан Қырҭтәыла ԥхьаҟазы алианс иалахәылахоит ҳәа. Уи еиҭашьақәирӷәӷәеит Бриуссель ԥхынгәы 11-12 рзы имҩаԥысуаз асаммит аҿы.

АҞӘА, нанҳәа 7 — Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра рхада Дмитри Медведев дгәыӷуеит НАТО аҿы еилыркаауеит ҳәа Қырҭтәыла алианс алалара хылҿиаақәас иаиур иҟало. Урыстәыла Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ахьазханаҵаз иаҿырԥшны аимак аҭыԥ аиур ҟалоит ҳәа агәаанагара имоуп Медведев ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Военная техника НАТО в Грузии - Sputnik Аҧсны
НАТО Қырҭтәыла амилитаризациа иацхраауеит

Медведев иазиԥхьаӡоит НАТО аҽырҭбаара Урыстәыла ашәарҭадара ҵнашәаауеит ҳәа.

"Ари аимак ду ахь ҳкылнагар алшоит. Урыстәыла Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ахьазханаҵо иаҿырԥшны аимак аҭыԥ аиур ҟалоит. Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи ҳарратә базақәа гылоуп" ҳәа иҳәоит иара "Коммерсант" аинтервиу аҭо.

Қырҭтәылеи НАТО русеицура хацыркхеит 1994 шықәсазы, Қырҭтәыла апрограмма "Партнерство ради мира" ианалала ашьҭахь. 2008 шықәса рзы Бухарест НАТО асаммит аҿы иазгәаҭан Қырҭтәыла НАТО иалалар шалшо атәы.

Нанҳәа 8, 2008 шықәса рзы Қырҭтәыла Аахыҵ Уаԥстәыла иақәлеит анапахьы аагаразы. Урыстәыла ар аланагалеит. Нанҳәа 26, 2008 шықәса рзы Урыстәыла Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азханаҵеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0