АҞӘА, цәыббра 5 — Sputnik. Марокко археологиеи акультуратә ҭынхеи рмилаҭтә институти Оксфордтәи ауниверситети рҵарауаа аҳаԥы Дар-ес-Солтан анҭырҵаауаз ирбеит абаҩ иалху аҳәызба. Иаша ашықәҵыра 90 000 шықәса иҟоуп ҳәа иазырыԥхьаӡоит ҳәа аҩуеит Российская газета.
Ажурнал PLoS ONE иакьыԥхьит 90 000 шықәса зхыҵуа аҳәызба шырыԥшааз атәы. Иазгәаҭоуп аҳәызба 2012 шықәса рзы ишырыԥшааз. Иахьа уажәраанӡа иара алобараториақәа рҿы иҭырҵаауан.
Ишьақәыргылоуп абаҩ напыла аус адулоуп ҳәа. Ашықәс шьақәдыргылеит иара ахьырыԥшааз аҭыԥ адгьыл аҿысҭақәа ирҿырԥшны.
Аҳәызба абжьаратә полиолит иаҵанакуа атериитә культура иатәызар ҟалоит ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Аҵарауаа ишырҳәо ала аҳәызба атехнологиа еилаԥсала ирхиоуп.