Иҭыҵит ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга "Аӡаӡа арыцқәа"

© Фото : ГИА "Апсныпресс"Аҿар рҩымҭақәа реизга "Аӡаӡа арыцқәа"
Аҿар рҩымҭақәа реизга Аӡаӡа арыцқәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа иҭыҵит ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа 12-ҩык рҩымҭақәа еидызкыло аизга "Аӡаӡа арыцқәа".

АҞӘА, нанҳәа 11 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥсны иҭыҵит ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа еидызкыло аизга "Аӡаӡа арыцқәа", ҳәа Sputnik иазаалыцҳаит ашәҟәы аиқәыршәаҩ Елеонора Коӷониапҳа.

Елеонора Коӷониапҳа хәышықәса инареиҳаны  алитературатә клуб "Ажәа" напхгаҩыс дамоуп, лара лажәақәа рыла, аизга ианылеит алитературатә клуб еиднакылаз иреиӷьу аҿар рҩымҭақәа.

"Аҿар рҩымҭақәа рӡыргара аҳаҭыр азыҳәаноуп изыҟаҳҵаз. Уи иаанагаӡом ашәҟәы иану зегьы рҩымҭақәа ҩаӡарала еиҟароуп ҳәа. Ҳаԥхьаҟа нас аԥсҭазаара иаанарԥшуеит доусу иҟазара ахьынӡанеиуа", – лҳәеит Коӷониаԥҳа.

Ашәҟәы аиқәыршәара инапы алакын алакын иара убас апоет Дмитри Габелиа. Иара ишазгәеиҭаз ала, алитературатә клуб "Ажәа" аус ауеижьҭеи хәы-шықәса инареиҳаны иҵуеит, иара еиднакылоит хыԥхьаӡарала ҩажәаҩык инарзынаԥшуа ашәҟыҩҩцәа.

Иҭыҵит ажәеинраалақәа реизга "Бызбоит, бызбоит, бзиа бызбоит..."

"Ҳусура алҵшәақәа реихшьала шыҟаҳҵоз, иҳазцәырҵит аидеиа абри хәышықәсатәи ҳусура иалҵшәаны аҿар иреиӷьу  раԥҵамҭақәа знылаша аизга аҭыжьра. Хы-мыз инарзынаԥшуа ашәҟәы аизгара ҳаҿын", – иҳәеит Габелиа.

Аизга иаԥцамҭақәа ргәылалара насыԥны идикылеит ҳәа азгәеиҭеит Габелиа.

"Сара сзы инасыԥуп саԥҵамҭақәа ҳаҭырла сыззыҟоу сҩызцәа сықәлацәа рҩымҭақәа рыгәҭа иахьрылоу. Иазгәасҭыр сҭахуп аҵыхәтәантәи 20 шықәса раахыс ас еиԥш иҟоу аҿар реизга шҭымҵыцыз. Убри аҟнытә иахьа иаҳбо аизга аԥсуа литература аҿиаразы аҵакы дууп. Ҿырԥшыганы иҟалар сҭахуп ҿыц аҩра иалагаз рзы", – ҳәа инациҵеит Габелиа.

Апоет қәыԥш Абзагә Аҟалӷьба  ашәҟәыҩҩы ҿарацәа рыхьӡала аеизга аиқәыршәара аџьабаа адызбалаз зегьы  иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Хаҭала сара сзы цәаҳәак иадымхаргьы сара истәу газеҭума, журналума иананылалакнгьы, арҿиара знапы алаку зегь реиԥш саргьы гәахәарыла исыдыскылоит. Убри инаваргыланы аԥхьаҩ иҿаԥхьа еиҳа аҭакԥықәра сыднаҵоит",  – ҳәа азгәеиҭеит Аҟалӷьба.

Ашәҟәыҩҩцәа ҿарацәа рҩымҭақәа реизга "Аӡаӡа арыцқәа" аҭыжьра алыршахеит Аԥсны аҿартә политиказы аҳәынҭқарратә еилакы ахарџь ала. Аҿар рҩымҭақәа реизга иагәылаллеит 12-ҩык авторцәа. Ашәҟәы х-хәҭакны ишоуп: апоезиа, апроза, аиҭагақәа. Аизга "Аӡаӡа арыцқәа" аредакторс дамоуп Анатоли Лагәлаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0