Аԥсихиатр: астереотипқәа ирхырҟьаны ауаа ргәабзиара азхьаԥшра рҭахым

© Sputnik Анатолий МедведьСотрудники транспортируют пациентов в НИИ скорой помощи имени И.И. Джанелидзе в Санкт-Петербурге.
Сотрудники транспортируют пациентов в НИИ скорой помощи имени И.И. Джанелидзе в Санкт-Петербурге. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ауаҩытәыҩса иԥсихикатә гәабзиара адунеизегьтәи амш аҽны Ареспубликатә ԥсихикатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Георги Кәартаа Sputnik иазеиҭеиҳәеит иусура аҷыдарақәа ртәы.

АҞӘА, жьҭаара 10– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Иҟоу астереотипқәа ирхырҟьаны ауаа ҳара ҳахь анеира рҭахум ҳәа иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз Ареспубликатә ԥсихикатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада Георги Кәартаа.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Аԥсихолог: ацәгьауҩы аҿагылара шимоуа идыруазароуп

"Аԥсны аԥсихикатә гәабзиара апроблема актуалны иҟоуп. Ирацәоуп аҳақьымцәа иахәҭоу русура амҩаԥгара иаԥынгылоу. Усеиԥш ишьақәгыланы иҟалеит ауааи дара рыуацәа-рҭахцәеи аԥсихиатар иахь анеира иацәыԥхашьо", — ҳәа иҳәоит иара.

Аҳақьым хада иазиԥхьаӡоит иҟоу астериотипқәа ириааитәуп изыхәҭаны иҟоу ианаамҭо амедицинатә цхыраара рыҭаразы ҳәа.

"Аԥсихиатар иҭаара узцәыԥхашьаша усӡам. Ихьшәаны ҳадҵаалара ауаҩы иҭагылазаашьа аруадаҩуеит иааикәыршаны иҟоу рзы дшәарҭахоит. Усҟан ачымазаҩ ҳара ҳахь дааргоит ихәышәтәрагьы иалагоит", — иҳәоит Георги Кәартаа.

Иара иазгәеиҭеит раион цыԥхьаӡа амедицинатә пунктқәа ыҟазар шакәу.

"Ҳара ҳахь иаауеит Гагра, Очамчыра, Гәдауҭа, Аҟәа рҟынтәи ачымазцәа. Иаауеит ахәшәқәа риуразы. Уи уадаҩуп раион-цыԥхьаӡа апунктқәа еиҿкаатәуп", — иҳәеит иара.

Иара иажәақәа рыла иҟоуп ахҭысқәа ачымазара ангәыгәҭажьу.

"Иаҳхәышәтәуа рхыԥхьаӡара ланарҟәуеит урҭ ихьшәаны иахьаҳзаарго. Ауаҩы заҟа ирласны даҳзаарго аҟара алҵшәақәагьы еиӷьхоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра амилаҭ анырра ду рнаҭеит. Аибашьра ахылҟьа-ҿылҟьақәа ааԥшыр ауеит 30, 40, 50 шықәса рышьҭахьгьы ҳәа иҳәоит Георги Кәартаа. Ареспубликатә ԥсихикатә хәышәтәырҭа аартын 2015 шықәса рзы. Аремонт мҩаԥган Урыстәылатәи афедерациа афинанстә цхыраарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0