Раԥхьаӡа акәны Аԥснытәи альпинистка ашьха Манаслу дхалеит

© Фото : предоставлено Ириной АлаевойВосхождение Ирины Алаевой на гору Манаслу
Восхождение Ирины Алаевой на гору Манаслу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Непал иҟоу ашьха Манаслу (Manaslu, 8156 м) адунеиаҿ реиҳа иҳараку ашьхақәа иреиуоуп. Ахьӡ аауеит асанскритсттә ажәа Manasa (адоуҳа, аԥсы) аҟынтәи.

АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснытәи альпинистка Ирина Алаева Непалтәи ашьха Манаслу дхалеит. Ашьха аҳаракыра аа-нызқь метра еиҳауп. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит альпинистка лхаҭа.

Ирина Алаева шьҭрала д-Аԥснытәиуп. Ашьхақәа рыбзиабарагьы Аԥсноуп иахьлызцәырҵыз. Ишылҳәо ала, дшыхәыҷыз лаб дицны ашьхаҟа дцалон.

"Ҩажәа шықәса схыҵаанӡа Аԥсны сынхон, 12-тәи ашкол салгеит. Саныхәыҷыз еснагь ашьхаҟа ҳцон", ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Амра Начҟьебиаԥҳа Ельбрус ахыцәқәа ихалаз раԥхьатәи аԥсыуа ԥҳәызбоуп

Ирина Урыстәылатәи абаҩрҵәыра аинститут далгеит.

Лара агәыԥқәа дрылахәны еиԥш лхалагьы ашьха дхалахьеит.

"Ельбрус схала схалеит", — лҳәоит лара.

Манаслу дхалаанӡа Ирина ашьха Мера Пик дхалеит. Манаслу ахалара акыр имариамыз усын ҳәа лҳәоит альпинистка.

"Ашьха зхалара уадаҩу ҳәа иршьоит. Ирацәаны аҭшәаррақәеи ашьшьарақәеи амоуп" ҳәа еиҭалҳәоит.

Манаслу Ирина Алаева дхалеит непалтәи амҩаԥгаҩ дицны, атурист фирмақәа руак далахәны.

"Аекспедициа мызкы иназынаԥшуа имҩаԥысуан", — ҳәа еиҭалҳәоит лара.

В Совете Федерации создана парламентская группа по поддержке Послов доброй воли Абхазии - Sputnik Аҧсны
"Ишьхатәылоу Аԥсны" азеиԥшкавказтәи археологиатә експедициақәа еицеиҿыркаауеит

Ашьха ақәцәа аҟазаара, ауадаҩрақәа риааира даара игәышьҭыхгоуп лҳәоит альпинистка.

"Еиуеиԥшым ацәаныррақәа узцәырҵуеит. Агәахәара дуӡӡа сыман ашьха аиааира ахьсылшаз. Ҳәарада, асеиԥш ақәцәахь анеира уацәшәартә иҟоуп, аха уи ахьулшо гәадуроуп", — ҳәа азгәалҭеит Ирина Алаева.

Манаслу ашьха ақәцәахь Ирина днеиит цәыббра 29 рзы.

Непал иҟоу ашьха Манаслу (Manaslu, 8156 м) адунеиаҿы реиҳа иҳараку ашьхақәа иреиуоуп. Ахьӡ аауеит асанскритсттә ажәа Manasa (адоуҳа, аԥсы) аҟынтәи.

Иара убасгьы ашьха иамоуп аҽа хьӡык — Кутанг (Kutang).

© Фото : предоставлено Ириной АлаевойВосхождение Ирины Алаевой на гору Манаслу
Восхождение Ирины Алаевой на гору Манаслу - Sputnik Аҧсны
Восхождение Ирины Алаевой на гору Манаслу

Ажәабжьқәа зегьы
0