1945 шықәса рзы иҭыжьыз аҩы миллионбжак доллар ҳәа ирҭиит

© Fotolia / RupbilderБутылки с вином
Бутылки с вином - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ари ахәԥса иахьатәи аамҭазы ԥаҭлыкак аҩы азы ирекордтәуп.

АҞӘА, жьҭаара 15— Sputnik. 1945 шықәса рзы иҭыжьыз францыз ҩы Romanée Conti аԥаҭлыка ЕАШ имҩаԥысуаз аукцион аҿы 558 нызқь доллар ҳәа иҭиин. Абри атәы аанацҳауеит ПРАЙМ.

Аукционқәа рыҩны Sotheby"s Twitter аҿы адырра ҟанаҵеит Ниу-Иорк ақалақь аҿы 1945 шықәса рзы иҭыжьыз францыз ҩы Romanée Conti аԥаҭлыкақәа ҩба ҭиин 558 нызқь доллари 496 нызқь доллари ҳәа.

Иара убасгьы акционтә ҩны адыррақәа рыла аҩыҵәахырҭа Robert Drouhin аҟынтәи 1926шықәса рзы иҭыжьыз ависки Macallan 843 200 доллар ҳәа иҭиин ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0