Келли: "Союз" узықәгәыӷша космостә ӷбоуп

© Пресс-служба ЦВО / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация вокруг аварийного запуска ракеты-носителя "Союз-ФГ" с кораблем "Союз МС-10" на Байконуре
Ситуация вокруг аварийного запуска ракеты-носителя Союз-ФГ с кораблем Союз МС-10 на Байконуре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Изаамҭанытәиу Жәларбжьаратәи акосмостә станциахь аекспедициа азыԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәын 5-7 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 16– Sputnik. Америкатәи астронавт Скотт Келли урыстәылатәи акосмостә ӷбақәа "Союз" зыгәра угаша ракәны иԥхьаӡоит, еиуеиԥшым азҵаарақәа шыҟоугьы ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.

"Џьара еиқәымшәарак ааҟалар "Союз" ахархәара ауоу иамуоу ҳәа азҵаара цәырҵуеит. Аха дара русура еснагь еиқәышәшәоуп", — иҳәеит астронавт.

Скотт Келли 1999 шықәса рзы раԥхьа акосмос ахь дыԥрит, нас астронавт 2010 шықәсеи 2015 шықәсеи рзы МКС ахь урыстәылатәи акосмонавтцәа дрыцны дыԥрит.

Ииасыз аԥшьашаҽны аракета-мҩангаҩ "Союз МС-10" аекипаж ҿыц аманы акосмадром аҟынтәи ашьҭыԥраараан амашәыр ҟалеит.

"Союз МС-10" аборт аҿы иҟан амиссиа МКС-57/58 алахәылацәа — урыстәылатәи акосмонавт Алексеи Овчинини америкатәи астронавт Ник Хеиги.

Аекипаж Ҟазахсҭан итәеит.

Амашәыр ҟалеит аракетамҩангаҩ актәи ахәҭа анацрыҵ ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0