Косово Апарламент ар раԥҵара иадгылоит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПразднование 10-летия независимости Косово
Празднование 10-летия независимости Косово - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Косово Апарламент аиҳабы Кадри Весели амчыбжь алагамҭаз аҳәамҭа ҟаиҵеит ашықәс нҵәаанӡа Приштина НАТО астандартқәа ирықәшәо ар еиҿнакаауеит ҳәа.

АҞӘА, жьҭаара 18 — Sputnik. Косово Апарламент аҟны бжьеиҳала Косово ашәарҭадаратә мчрақәа рцынхәрас ар раԥҵара иадгылеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Атәылахьчара аминистрра аԥҵаразы рыбжьы рҭиит 102-ҩыџьа адепутатцәа рҟынтәи 101-ӡәы", — ҳәа аҳәоит Апарламент асаит.

Руслан Аџьынџьал. - Sputnik Аҧсны
Аџьынџьал: Косово ФИФА иахьаларҵо ҳаргьы гәыӷрак ҳнаҭоит

Приштина иахьазы иҟоу ашәарҭадаратә мчрақәа рцынхәрас ар раԥҵара 2017 шықәса рзы Урыстәылеи, Америкеи, Евроеидгыла атәылақәеи аҿагылеит.

Уаанӡа ареспублика аԥыза-министр Рамуш Харадинаи аҳәамҭа ҟаиҵахьан НАТО астандартқәа ирықәшәо ар раԥҵара Америка ақәшаҳаҭуп ҳәа.

Приштина иахьазы ахатәы ар амам. Уи иаҿагылоит аофициалтә Белград, ООН Ашәарҭадаратә хеилак арезолиуциа 1244 ҵаҵӷәыс иганы.

1999 шықәса рзы Косово Ахақәиҭратә ар алахәылацәеи Сербиа ари реиҿагылара Иугославиа абомбақәа алажьрахь икылнагеит. 2004 шықәса рзы Косовтәи албанаа асербқәа ирыжәлан рыдгьылқәа ирхырцеит, рҭоурыхтәи ркультуратәи баҟақәа дырхәашеит.

Приштина 2008 шықәса рзы ганкахьала Сербиа иацрыҵит. Иахьазы иара азхарҵом: Сербиа, Урыстәыла, Китаи, Израиль, Иран, Испаниа уҳәа атәылақәа жәпакы.

Ажәабжьқәа зегьы
0