Џьугьелиа аԥсуа бызшәа иазкны: мчыбжьык акәым, ашықәсан ҳусура зегьы уи иазкуп
"Аԥсуа бызшәа амчыбжь иазку Аԥсны ахы-аҵыхәа еиԥш ҳраион аҟынгьы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа еиҿкаауп. Иара аԥсуа бызшәа иалкааны мчыбжьык адҳәалашәа иахьыҟоу маҷк угәы еихьнашьозар ҟалап, иааидкыланы ҳраион аҟны, ҳашколқәа рҿы аусура аҵакы хадас иамоу аԥсуа бызшәа апозициақәа рырӷәӷәароуп.
Аԥсуа бызшәа адырра азҵаара атәы ҳҳәозар, уи иугәаԥханы уаныҟало уаҳа царҭа хьумам ҩаӡарак ахь уанҩеиуа аҭыԥ ауп. Ҳәарада, иҟоуп ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа ԥхьаҟа изгаша, изыхьчо. Иҟоуп абызшәа рызнагараҟны иаҳԥсахша, ҳзызхәыцша. Абызшәа аган авахара апроблема ыҟан, иҟоуп, уаҵәтәи амш азы иҟамларц аусура ҳаҿуп, аха иаҳҭаху аҩаӡараҟны иҳазнамгацт", — ҳәа азгәалҭеит Џьугьелиаԥҳа.