"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Џьынџьиа ашколаҿ абызшәа амдырра иахылҿиаауа иазкны
"Абызшәа изымдыруа ахәыҷы ашкол аҿы данааи, уи иара ахәыҷы изынгьы ихьанҭоуп, арҵаҩы изгьы ауадаҩрақәа цәырнагоит. Издыруа ахәыҷы аус ируа уцоит, иззымдыруа ажәақәа иеилыркаауа, хазы аамҭа изалхны аус идыуулароуп. Урҭ зегьы реилагӡара мариам. Ахәыҷы ҽнакала игәникылар зыхәҭоу ажәақәа даара ирацәахоит. Аилатәарақәа, асеминарқәа раан иаҳҳәахьеит, абызшәа ззымдыруа ахәыҷы актәи акласс аҿы дмыртәакәа азыҟаҵаратә класс еиҿкааны, уи дахыжьны, нас актәи акласс ахь дааиуазар ауп ҳәа. Уаҟа иара иахьынӡазалшо ажәақәа гәынкыланы, имариоу аҳәоуқәа рышьақәыргылашьа идыруазароуп, хәыҷык иадымхаргьы игәаанагарагьы изҳәозар ахәҭоуп", — ҳәа азгәалҭеит Џьынџьиаԥҳа.