Урыстәылатәи аруаа ашьхараҟа ииагоуп аихшьаалатә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраТактические учения с подразделениями соединения специального назначения ЮВО
Тактические учения с подразделениями соединения специального назначения ЮВО - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зқьи хәышәҩык рҟынӡа Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа аихшьаалатә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ашьхара аҭыԥқәа рҿы.

АҞӘА, жьҭаара 23 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа агәаҭарақәа рҳәаа иҭагӡаны арратә техникеи абџьари рыла ашьхаратә ҭыԥқәа рҟны азыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа разыҟаҵара мҩаԥыргон аштаб афицарцәа. Дара иазгәарҭон арратә еилазаара азыҟаҵара аҭагылазаашьа, иаарласӡаны рнапы ианҵоу адҵақәа рынагӡашьа", — ҳәа арбоуп апресс-реализ аҟны.

Маневры танкистов и мотострелков на учениях Восток-2018 - Sputnik Аҧсны
Ихыркәшахеит зегь раасҭа зымҽхак ҭбааз урыстәылатәи арратә ҽазыҟаҵарақәа

Апресс-маҵзура аинформациала, ауснагӡатә иалахәуп 1500 инареиҳаны аррамаҵзурауаа, 400 цыра инареиҳаны атехника ҷыда.

Атактикатә гәыԥқәа рҿаԥхьа иқәыргылаз адҵақәа инарықәыршәаны, 200 километра амҩа ианысны аполигонқәа "Ҵабали" "Нагвалоуи" рахь инеиит.

Амҩан иаадырԥшуан рдыррақәа, арратә техника ахархәашьазы ироуз рԥышәа. Автомобилтә колоннақәа рмашьынарныҟәцаҩцәа ашьха ӡиасқәеи аҭҳәаақәеи ирхысуан, ҷыдала ирыҭаз аԥынгылақәа ирҿысуан. Акәылӡылас атехникеи "аӷа" ирмчқәеи иреихсуан. Иахьнеиз ашьхаратә ҭыԥқәа рҟынгьы аҽыхьчаратә тактиказы ирымоу рдыррақәа аадырԥшуан. Аҽазыҟаҵарақәа раан рхы иадырхәон амаскировка ахархәагақәа, алҩа аушьҭрала аҽыҵәахра.

Апресс-маҵзура аинформациала, ауснагӡатә иалахәуп 1500 инареиҳаны аррамаҵзурауаа, 400 инареиҳаны акәылӡтәытранспартиорқәа, акәылӡтәы машьынақәа "Рысь" аидарамҩангагақәа КамАЗ "Мустанг" реиԥш иҟоу атехника ҷыда.

Ажәабжьқәа зегьы
0