Зегьы иреиҳау Сҭампылтәи аҳаиртә баӷәазаҟынтә раԥхьатәи аҳаирплан шьҭыԥрааит

© REUTERS / Murad SezerТерминал нового аэропорта в Стамбуле
Терминал  нового аэропорта в Стамбуле - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Сҭампылтәи аҳаиртә баӷәаза ҿыц аҟынтә Анкараҟа раԥхьатәи аҳаиртә еилахәыра Turkish Airlines аҳаирплан шьҭыԥрааит ахаша, жьҭаара 31 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 31 – Sputnik. Сҭампылтәи аҳаиртә баӷәаза ҿыц аҟынтә раԥхьатәи аҳаирплан шьҭыԥрааит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ателеканал NTV адыррақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Авиоеилахәыра Turkish Airlines иатәу аҳаирплан шьҭыԥрааит Стампылтәи аҳаиртә баӷәаза ҿыц аҟынтәи асааҭ 11.32 рзы. Абри ауснагӡатә далахәын Ҭырқәтәыла атранспорти акоммуникациақәеи рминистр Меҳмет Џьахит Турхан.

Ашәахьаҽны аҳаиртә баӷәазаҿ итәаз раԥхьатәи ҳаирпланны иҟоуп Ҭырқәтәыла ахада Таип Ердоган иҳаирплан.

Жьҭаара 29 рзы аҳаиртә баӷәаза аартра ацеремониаан иқәгылаз атәыла ахада иазгәеиҭеит, адунеи аҳаирбаӷәазақәа иреиҳау акакәны ишыҟало.

Аҳаиртә баӷәаза аргылара мҩаԥысуан ԥшьышықәса. Аус руан 10 000-ҩык аусуцәа. Аҳаиртә баӷәаза аҵакыра 76,5 миллион метр ԥшьыркца ыҟоуп.

Аҳаиртә баӷәаза иаиуеит алшара есышықәса 200 миллионҩык рҟынӡа апассаџьырцәа рымҩаԥгара, адунеи аҳаиртә еилахәырақәа 250 рҳаирпланқәа рыдкылара.

Ажәабжьқәа зегьы
0