Акиносахьа "Махаз сыхьӡуп" акинофестиваль "Arctic open" иалахәхоит

© SputnikКинофестиваль "Arctic open"
Кинофестиваль Arctic open - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аконкурс иалахәхоит Урыстәыла, Аԥсны, Канада, Даниа, Исландиа, Финлиандиа, Норвегиа, Швециа, ЕАШ рҟынтәи акинематографистцәа.

АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Арежиссиор Инар Нарманиа икиносахьа "Махаз сыхьӡуп" алахәхоит Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Arctic open". Акинофестиваль мҩаԥысуеит Архангельск, ԥхынҷкәын 6 — 9 рзы ҳәа Sputnik иазааицҳаит афильм арежиссиор.

"Ари афестиваль иалоу атәылақәа рхыԥхьаӡара ԥкуп. Сынтәа Аԥсны алахәхоит. Уи, ҳәарада, агәадура унаҭоит. Афестиваль аҿы иддырбоит зметраж дуу, зметраж кьаҿу, адокументалтә уҳәа акиносахьақәа. Ҳара зметраж кьаҿу афильмқәа рконкурс ҳалахәхоит", — иҳәеит арежиссиор.

Инар Нарманиа иазгәеиҭеит ифильм аиааира ага-иамга иара изы ихадароу — асеиԥш иҟоу ауснагӡатә дахьалахәхо ауп ҳәа.

Уажәы Инар Нарманиа зметраж кьаҿу афильм ҿыц азы асценари аҩра даҿуп.

Кадр из фильма Меня Зовут Махаз. Режиссер Инар Нармания - Sputnik Аҧсны
"Махаз сыхьӡуп" Калининградтәи акинофестиваль аԥхьахә ҷыда анашьахеит

Арежиссиор Инар Нарманиа ифильм "Махаз сыхьӡуп" уаанӡагьы зметраж кьаҿу афильмқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль "KONIK Film Festival" иалахәын. Афестиваль мҩаԥысуан Москва, 2018 шықәса, нанҳәамзазы.

Иара убасгьы Калининград имҩаԥысуаз акинофестиваль аҿгьы аԥхьахә агахьеит.

Аԥсны имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы Инар Нарманиа иусумҭа иреиӷьӡақәаз рхыԥхьаӡарахь иаҵанакит.

Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Arctic open" мҩаԥысуеит Архангельск, ԥхынҷкәын 6 — 9 рзы. Уажәы ҩынтәуп афестиваль Архангельск имҩаԥысуеижьҭеи.

Афестиваль иахықәку арктикатәи арегион аҭоурыхи акультуреи еиҳа инарҭбааны рыларҵәароуп, аекологиеи аҿиареи еиҳа ирацәаны ауаа радыԥхьалароуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0