Аԥсныи Урыстәылеи ржурналистцәа Реидгылақәа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Sputnik / Анжелика БенияАԥсны Урыстәылеи ржурналистцәа Реидгылақәа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Аԥсны Урыстәылеи ржурналистцәа Реидгылақәа аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ажурналистцәа Реидгылеи Аԥсни, Манголиеи, Узбекисҭани, Кипри, Корееи ржурналисттә еиҿкаарақәеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит абҵара 14 рзы.

МОСКВА, абҵара 15— Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Урыстәыла ажурналистцәа реидгыла 100-шықәса ахыҵра аныҳәа амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва, Аԥсни Урыстәылеи ржурналисттә еиҿкаарақәа рхантәаҩцәа Владимир Соловьеви Руслан Ҳашыги рнапы аҵарҩит аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра.

Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла ахантәаҩы иазгәеиҭеит Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла аплошьчадкаҿ Аԥсны аҟазаара лшара дуӡӡоуп, аԥсуа ган уи ахы ианархәароуп ҳәа.

"Зегь зхьыԥшхо ҳара аԥшьгамҭақәа шыҟаҳҵало ауп. Урыстәылатәи аган еснагь аилкаара аарԥшны адгылара ҳарҭалоит. 1992 шықәса рзы, абри ахыбраҿы сара исанашьан ақырҭуа-аԥсуа еибашьра аарԥшразы адиплом. Арҭ аҭӡамцқәа ҳара ҳзы игәакьоуп, ара аус руеит иаҳзааигәо ҳколлегацәа. Уажәы ҳаимадарақәа зегь рҿыцтәуп. Иҿыцӡоу аҭагылазаашьақәа рҟны апроект ҿыцқәагьы аус рыдулалатәуп", - иҳәеит Руслан Ҳашыг.

Аԥснытәи аделегациа ахада Владимир Соловьев ҳамҭан ииҭеит Александр Орлов-Кретчмер ишәҟәы: "Образы Абхазии" иара убасгьы Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеижьҭеи 10-шықәса ахыҵра иазкны иҭыжьыз агәаларшәагатә медал.

Актәи аканал аполитикатә комментатор Евгени Баранов иазгәеиҭеит Аԥсназы аусеицураз аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рдунеи ҿыц ахь ацәырҵра алзыршо акоуп ҳәа.

Руслан Хашиг - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҳашыг ажурналисттә еидгылақәа реиқәшаҳаҭра иазкны: аусура ҳҭаххар, иаҳнаҭо рацәоуп

Аԥснытәи ажурналисттә иҿкаара адагьы Урыстәыла ажурналистцәа Реидгылеи Манголиеи, Узбекисҭани, Кипри, Корееи ржурналисттә еиҿкаарақәеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит абҵара 14 рзы.

Владимир Соловьев иазгәеиҭеит ООН аҿы Урыстәыла ажурналистцәа Реидгыла иаланагаларц иагәҭаку аԥшьгамҭа "Ажурналистцәа рзинқәа рзы Аконвенциа" хра аманы ишыҟоу.

"Раԥхьа иргыланы ари аусеицура иахацыркыроуп. Сынтәа ҳаиҿкаареи Китаизегьтәи ажурналистцәа реиҿкаареи аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Иара иалахәылацәаны иҟоуп миллионк инареиҳаны ажурналистцәа. Иара убасгьы Аԥснытәи ажурналисттә иҿкаара адагьы Урыстәыла ажурналистцәа Реидгылеи Манголиеи, Узбекисҭани, Кипри, Корееи ржурналисттә еиҿкаарақәеи аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит иахьа", - иҳәеит Соловьев.

Фотовыставка Ибрагима Чкадуа и Владимира Попова посвященная десятилетию признания независимости - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа фотосахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа шәачатәи ажурналистцәа рфорум аҿы ицәыргоуп

Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра ацеремониа далахәын ажурналистцәа Жәларбжьаратәи реиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Ентони Беланже. Иара иҳәеит Урыстәыла ажурналистцәа Жәларбжьаратәи реиҿкаара егьырҭ арегионқәа рахь ашә шазаанартуа.

Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ ихаҭыԥуаҩ Татиана Гәлиаԥҳа Ацҳаражәҳәарҭа ахьӡала Аԥсны ажурналистцәа аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩреи, Урыстәылатәи ажурналистцәа риубилеи рыдылныҳәалеит.

"Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла далахәылан сара сабгьы, Гьаргь Гәлиа. Иахьа анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра акрызҵазкуа документуп. Иара ацхыраарала еиҳа иӷәӷәахоит аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа. Аиқәшаҳаҭра иаанартуеит аԥсу ажурналистцәа рҿаԥхьа алшара дуқәа", - лҳәеит лара.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мҩаԥысит ажурналистцәа Рыҩнаҿы, Москва.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0