Какоба: ҩҳәынҭқаррак рдипломқәа реицазхаҵара иаанагом зегьы Урыстәыла ицан аус рулоит ҳәа
"Аԥсны аҵара рҵоит Нхыҵ-Кавказынтә, Ҭырқәтәылантәи уҳәа еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟнытә астудентцәа. Дара рзы Аԥсны аҵара аҩаӡара шьақәзырӷәӷәо аршаҳаҭгақәа амч риура акырӡа аҵанакуеит. Аха уи иаанагаӡом Аԥсны зҵара хзыркәашаз зегьы Урыстәыла ицаны аусура иалагоит ҳәа. Ҳара иазыҟаҳҵо Аԥсны иахәо азанааҭқәа рыла аус рурц ҳақәгәыӷуеит. Аԥсныи Урыстәылеи рдипломқәа реицазхаҵара азҵаара аӡбара хәарҭа дуп Аԥсны аусурҭа ҭыԥқәа ззымыԥшуаауа рзгьы, Урыстәыла ицаны аусура иалаго, ус еиԥш иахьагьы рхыԥхьаӡара маҷӡам", - ҳәа азгәеиҭеит Какоба.