ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада Томас Гремингер Вышински иус дашьклаԥшуеит

© Sputnik / Виталий Белоусов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада Томас Гремингер
ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада Томас Гремингер - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Украинатәи аӡбарҭа абҵара 1 азы апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински иаанкылара аҿҳәара иацнаҵеит ԥхынҷкәын 28 рҟынӡа.

АҞӘА, абҵара 15— Sputnik. ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада Томас Гремингер МИА "Россия сегодня" адиректор хада Дмитри Киселев ашәҟәы изынаишьҭит. Ашәҟәаҿы иаҳәоит аиҿкаара абри аус гәыгәҭажьны ишамам, ахылаԥшра шазнауа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

IV Восточный экономический форум. День второй - Sputnik Аҧсны
Кисилев: ЕАШ "ажәа ахақәиҭра" атәы ргәаларшәаны Вышински идгылароуп

"ОБСЕ, АИХ ахақәиҭра азҵаарақәа рзы ахаҭарнак ила Вышински иус ашьклаԥшра арҭоит", - ҳәа иҩуеит Гремингер Киселев иахь.

ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада Томас Гремингер иазгәеиҭеит ажурналист иан Лариса Богданова лҟынтәи ашәҟәы шиуз, агәҭынчымра аиҿкаара агәҭынчымра ахьаанарԥшуа ҭабуп ҳәа шахылҳәааз.

Апортала РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра аԥсахра мҩаԥигоит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров аҳәамҭа ҟаиҵеит Кирилл Вышински дызкыдырцало ауаа иҟаҵәҟьоу аартны ирзеиҭеиҳәарц ахьиҭаху ауп, аиашоуп дзыхҟьаз ҳәа.

"Кирилл Вышински даанкылоуп ипрофессионалтә уалԥшьа ишахәҭаз еиԥш иахьынеигӡоз азы, иҟоу аҭагылазаашьеи ахҭысқәеи ихатәы хәшьара аартны иахьриҭоз азы. Украина аиаша заҳар зҭаху ирымам алшара уи адырразы, избанзар уа амедиатә ҵакыра ҭахкаауп, аиҳаракгьы урыстәылатәи АИХқәа рҟынтәи", - ҳәа иҳәеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ОБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада Томас Гремингер иԥылараан.

Херсонтәи ақалақьтә ӡбарҭа лаҵара 17 рзы Вышински даанкылатәуп ҳәа аӡбара аднакылеит. Аӡбарҭа аилатәараан Вышински Урыстәыла ахада иахь ацхыраара даҳәеит. Иара убасгьы аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина атәылауаҩра мап шацәикуазы.

Владимир Путин аҭагылазаашьа зеиԥш ҟамлац ауп ҳәа ахиҳәааит. Москва Киев аҿагыларатә нота азынанашьҭит, апресса ахаҭарнакцәа рықәымчра иаҟәыҵырц.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0