Ҳагба аҵарауаҩ Борис Џьонуа изы: зус здыруаз ҳҩыза бзиа дҳаԥхеит
"30 шықәса иреиҳауп Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәшаҟны Борис Џьонуеи ҳареи аус еицаауеижьҭеи. Даара ҳзықәгәыӷуаз иакәын. Жәамш рнаҩс 62 шықәса ихыҵраны дыҟан. Уамакала ихы аџьабаа аирбон, дназлагаз азҵаара инҭырҳәацааны аҵыхәтәанынӡа инеигон. Алексикологиеи алексикографиеи ахәҭақәа рҟны иаҳа аџьабаа ибон, иҩҩуан астатиақәагьы. Аҵыхәтәаны акыр аџьабаа адибалеит аурыс- аԥсуа жәар. Владимир Касланӡиеи иареи аус адырулон. Уи аусумҭа баҟаҵас ахьӡ уҳәаратәы иҟоуп, зда ԥсыхәа ҳамам акоуп. Ааха ӷәӷәа ҳауит аԥсуа бызшәа аҭҵаара знапы алакыз, ҳинститут зегьы. Зус здыруаз, зус иазҿлымҳаз аҩыза бзиа дҳаԥхеит. Иара аибашьра далахәын, уигьы ахьаа инаҭеит", - лҳәеит Ҳагԥҳа.
Лили Ҳагԥҳа: зус здыруаз, зус иазҿлымҳаз аҩыза бзиа дҳаԥхеит