Лили Ҳагԥҳа: зус здыруаз, зус иазҿлымҳаз аҩыза бзиа дҳаԥхеит

© Фото : из архива семьи ДжонуаБорис Джонуа
Борис Джонуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кавказҭҵааҩцəа Жəларбжьаратəи рсимпозиум алахəыла, аҭҵаарадырратə усмҭақəа равтор, аурыс-аҧсуа жəар автор, Дырмит Гəлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратə институт абызшəа аҟəша аҭҵааратə усзуҩ аиҳабы Борис Џьонуа 61 шықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Иаамҭанымкəа иҧсҭазаара далҵит аҵарауаҩ Борис Џьонуа. Ҳазҭагылоу аамҭазы аус иуан Д.Гəлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратə институт абызшəа аҟəша аҭҵааратə усзуҩ еиҳабыс.

Владимир Агрба - Sputnik Аҧсны
Владимир Агрба Анатоли Хьециа изкны: илахьынҵа ааигәан, аха игәыӷра харан

Борис Џьонуа - Максим Горьки ихьӡ зху Аҟəатəи арҵаҩратə институт аҿы афилологиатə факультет даналга, аус иуан Аҧсуа ҳəынҭқарратə музеи аҿы. Анаҩс, 1985 шықәсазы Москва, СССР Аҭҵаарадыррақəа ракадемиа иатəу абызшəадырратə институт аҿы аспирантура далгеит. 1986 шықәсазы ихьчеит адиссертациа, иара убас афилологиатə ҭҵаарадыррақəа ркандидат ҳəа аҵарауаҩ истепень иоуит. Адиссертациа абри атема ала ишьақəгылан:" Заимствованная лексика в абхазском языке".

Ҳагԥҳа аҵарауаҩ Борис Џьонуа изы: ааха ӷәӷәа ҳауит абызшәа аҭҵаара знапы алакыз зегьы

Афилологиатə ҭҵаарадыррақəа рдоктор, апрофессор, Аҧсны аҭҵаарадыррақəа ракадемиа алахəыла-акорреспондент, Аҧсуаҭҵааратə институт абызшəа аҟəша аиҳабы Лили Риза-иҧҳа Ҳагбеи, Борис Гьарь-иҧа Џьонуеи, 30 шықәса инареиҳаны Аҧсуаҭҵааратə институт абызшəа аҟəшаҿы аус еицырухьан.

"Ҭаацəаныла аибабара бзиа ҳаман еснагь. Даараӡа ҳзықəгəыҕуаз иакəын, қəралагьы уиаҟара ҳабжьаӡамызт. Жəамш рышьҭахь 62 шықәса ихыҵраны дыҟан. Сара аусура салагахьан, иара ашьҭахь ауп даннеиз. Сыҧшəма Анатоли Хьециеи иареи даара еиҩызцəа бзиақəан. Даара аџьабаа зхы иазырбоз, дназлагаз азҵаара инҭырҳəацааны аҵыхəанӡа инамгакəа иацрымҵуаз аӡə иакəын", - лҳəоит апрофессор Лили Ҳагҧҳа.

Лили Риза-иҧҳа илгəалалыршəоит, Борис Џьонуа ҟазшьала иҭынчыз, аха убри аан зажəеи зуси еимадаз, зыхшыҩ ҵарыз ҵарауаҩ дуны дшыҟаз.

"Ашықəс аҩныҵҟа иҟаиҵараны иҟаз, ҭакҧхықəраны идыз акы агмыжькəа иҟаиҵон. Зегь реиҳа аџьабаа ахьибоз алексекологиеи алексекографиеи ахəҭақəа рҿы акəын. Еиуеиҧшым астатиақəа иҩуан, ҳəара аҭахума. Аҵыхəтəантəи аамҭазы игəабзиара дахашшаауамызт, аха иубарҭан ҧасеиҧш деиқəҟаца, дыҕəҕəаны дшыҟамыз. Зны- зынлагь ажəрахь ҳхы ҳархама ҳəа анеибаҳҳəалоз ыҟан. "Макьана уи ҳааигəара иҟаӡам, быхгьы иҭабмыршəалан"- иҳəон", - ҳəа азгəалҭоит афилологиатə ҭҵаарадыррақəа рдоктор Лили Риза-иҧҳа.

Борис Гьаргь-иҧа Џьонуа, Кавказҭҵааҩцəа Жəларбжьаратəи рсимпозиум алахəцəа дыруаӡəкуп, акыр аҭҵаарадырратə усмҭақəа дравторуп. Аҵыхəтəантəи аамҭазы даара аџьабаа адибалеит аурыс-аҧсуа жəар.

"Владимир Арушьан-иҧа Касланӡиеи иареи еицыҟарҵон ажəар. Касланӡиа игəабзиара ануашəшəыраха, исҳəомызт, аха гəаныла сшəон, имбакəа акы имыхьындаз ҳəа. Ашьҭахь уи дҳаҧхеит, ҳарҵаҩы, ҳҵарауаҩ ду. Борис даара хьаас икит, мызкгьы ҵуам ус сеиҳəеит: "Ҳашҧаҟалеи, Славик Бганба ицашьа усгьы иббоит, Толик Хьециа ҳгəаҳҽанымкəа днаҳалӡаа дцеит, Владимир Арушьан-иҧагьы ус иҳəеит. Даара хьаас иман, уамакгьы исгəамҧхеит ус ихшыҩ азышьҭны иахьиҳəоз, иаҳгəалаҳмыршəаргьы ҟалозма, аха...", - гəыблыла лхəыцрақəа ҳацеиҩылшон аҵарауаҩ.

Иван Тарба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Ҭарба Владимир Касланӡиа изкны: ԥсабарала дырҵаҩын

Лили Риза-иҧҳа илгəалалыршəоит Борис Џьонуеи лареи аҵыхəтəантəи реиқəшəара амш.

"Аспирантура иҭалоз рҟны акомиисиа ҳаицалан иареи сареи. Даара дҭынчны сылаҿ дааит. Быҧшəма Толик иҭимыжьыц иусумҭақəа еиҳа ирацəоуп икьыҧхьу аасҭа, быҧҳагьы дбыцырхырааны адунеи иабаратəы иҟашəҵа, уи аҩыза уаҩы имаӡам . Схəыҷқəа анибалак сыҷкəын иоума, сыҧҳа лоума иреиҳəон, шəан шəлыцхрааны , лара лтəқəа усгьы дырҿуп аха, шəаб итəы гəыгəҭажьны инымхааит ҳəа, абри хьаас иман"-лҳəеит апрофессор Лили Ҳагҧҳа.

Ииашаҵəҟьаны, баҟаҵас ахьӡ уҳəаратəы иҟоуп Касланӡиеи Џьонуеи авторцəас измоу хтомкны иҟоу аурыс-аҧсуа жəар.

"Хəарҭара злоу, зда ҧсыхəа ҳамам иреиуоуп. Ахҧатəи атом ҭыҵыр, инарҭбааны ҳалацəажəап ҳəа сгəы иҭан, аха иҟалаз жəбоит... Даара ааха ҕəҕəа ҳауит, аҧсуа бызшəа аҭҵаара знапы алакыз, раҧхьа иргыланы ҳинститут зегьы, аҵарауаа зегьы, зус здыруаз, зус иазҿлымҳаз аҩыза бзиа дҳаҧхеит. Џьанаҭ гыларҭас иоуааит, ҳгəаҿы-ҳхаҿы дыҟазаауеит. Абас алшарақəа змоу, агəырҵҟəыл змоу, ашықəс ҧыҭк ниҵыр зегьы ҳзы ибзиан, аха иамуит", - ҳəа азгəалҭоит акыр шықəса Борис Џьонуа аус ицзухьаз апрофессор Лили Ҳагба.

Борис Џьонуа Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра далахəын, ҳəара аҭахума ахьаақəа инаҭеит, аамҭа цазаргьы усҟан уи иалагылаз ирзыннажьыз агəырҩақəа дара ртəы ҟанаҵеит, - абасала ихлырқәшеит аҵарауаҩ лҩыза изы илҳəоз ажəа.

Ажәабжьқәа зегьы
0