Аҩсҭаацәеи алаԥши умԥан иқәнажьлом: аҩымсаг иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа

CC0 / / аҩымсаг иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа
аҩымсаг иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа ражәаҳәа иалоуп "аҩнаҭа зырԥшӡо аԥҳәыс лоуп, уи лхаҿра анубаалоит", – ҳәа. Уи агәаанагара уақәшаҳаҭымхар залшом.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Хадаратәла, аҩны, ашҭа, агәара реилыргара, ррыцқьараҿы (ацқьара аҟаҵаразы) аџьа збоз аԥҳәыс ахьлакәу аҟнытә, уи ԥсыхәа лымамызт аҩымсаг (аҳәымсаг) ада.

аҿа-маҿа - Sputnik Аҧсны
"Џаџа – ҳуҭра рџаџа, ҳамхы рџаџа!": аҽаҩра барақьаҭхарц аныҳәара

Аԥсуаа аҩымсаг ажәла ркижьҭеи акырӡа ҵуеит. Алаҵара аамҭа анааилак аџьықәреи аҩымсаги рыжәлақәа ааилаԥсаны амхаҿы иларҵон, ма аџьықәреи аԥхьа иларҵон, нас аҩымсаг алаҵаразы иазылхыз адгьыл ҽыҭ аҿы ажәла карыԥсон. Аҩбатәи авариант ҳара ҳҭаацәараҿы ахархәара аман.

Исгәалашәоит саныхәыҷыз саб амхы лаҵаны даналгалак, аҩымсаг алаҵаразы хазы иалкааны иҳамаз аҭыԥ аҿы ацәқәа нықәыргыланы ацәаӷәара далагон, сандугьы аҩымсаг жәла ҭаԥсо дишьҭалон. Аџьықәреи ҭагалара аамҭа анааилак, ишшәыр – шшәырӡа амхы иҭагылаз аҩымсаг шьапқәагьы ацҭаргалон. Анаҩс, санду урҭ еидкыланы, рахәыц жәпала еидҿаҳәаланы узлаԥссашаз аҩымсагқәа рылылхуан.

Крещение в Богородицком Житенном женском монастыре в Осташкове - Sputnik Аҧсны
"Ҷфу", "ҷфу", "ҷфу": аҭәҳәақәа рыгәра шызгаз

Афольклорист Цира Габниа Аҭара акыҭан ианылҵаз аҩымсаг иазку аҳәамҭа излаҳәо ала, ҽнак зны ҿыц еибагаз хаҵаки ԥҳәыски, ԥхны мшык азы, аҭакар анкацеиуаз еицны џьара ицон. Ианааԥса, шәшьырак иныҵатәеит. Ус ԥшак хааӡа иаасит. Даргьы рыԥсы ааивыргеит. Аԥҳәыс ҿа лгәы иаахәан: "Оҳ шьыр, шьыр, ушԥабзиоу, ушԥахаау," – лҳәеит (аԥшазы). Ахаҵа иаҳаз игәы иныҵаххын, "сара исеиӷьабшьо дарбан?" – иҳәан, дналхыбаан иԥҳәыс дишьит.

Ицеит акыраамҭа, ахаҵа иҟаиҵаз дахьхәит, иԥаҵа аужьны дџьабон, лнышәынҭра дҭаианы дыцәон. Ҽнак ԥҳәыс быргк диасны дышцоз, абри ахаҵа дгәалҭеит. Иҟалаз анеилылкаа, аҩымсаг ажәла илҭан абас иалҳәеит: "уԥҳәыс дахьжу абри ажәла лгәы иқәыԥсаны илаҵа, ианаауа иалҵуа ала уара угәнаҳа ухухуеит уԥҳәыс лҿаԥхьагьы, аҳәса зегьы рҿаԥхьагьы" ҳәа. Иаргьы убас иагьыҟаиҵеит.

Аҩымсаг иадҳәалоу ажәлар рыгәрагарақәа хыԥхьаӡарала имаҷым, иаагозар: аԥсуаа аҩымсаг ахьышьҭоу иахысуам, иаӷрагылом. Иахысыз дхәыҷызар изҳауам, изҳарц азы дааҳәны хынтә наҟ – ааҟ дахыԥароуп. Иаӷрагылом, избанзар "уашәиуеит" ҳәа рыԥхьаӡоит; аҩымсаг ахы ларханы икыддыргылом, икыдзыргылаз ахыхь изнарҵысуеит; амра анҭашәалак аҩны адәылԥссаара ҵасым, аԥара аҩны иҩналом, рҳәоит; дазусҭазаалак аҩнынтә џьара сцоит ҳәа амҩа дшынанылаз еиԥш "ишьклаԥссара ҵасым, дманшәалахом" рҳәоит; арахә аҩымсаг ала уасыр, ишарылоит; аишәа иқәушьыр, аҩны иамоу абарақьаҭра цоит; аҩны шуԥссо аӡәы ишьапы уахькьысыр, уааҳәны ашырҳәа хынтә уаӷрагылароуп, акәымзар "ҵасым, аҩнаҭаҿы алыԥсаа дҟалоит", - ҳәа лҳәо саҳахьан санду.

Аҩымсаг аҩны, агәара аԥссара адагьы, аҩнаҭа ацәгьа – мыцәгьа аҟәызыблаауа, алаԥш уацәызыхьчо, аԥсра хьазмырԥшуа, амагиатә мчы змоу маҭәаруп ҳәа аԥсуаа ахәаԥшуан.

Ан данындәылҵуаз ԥшқа дахьгараз агара аҩымсаг аҵалҵон, шьҭа "ихала дыҟам" аԥсхьыԥшык ыҟазар дахьчоит, аҩсҭаацәа иааигәа иаанашьҭуам, насгьы агара аҩымсаг ыҵазар, аԥшқа алаԥш икуам ҳәа иԥхьаӡоуп.

Убасгьы аԥсуаа ҳҟны аԥсы аҵыхәтәантәи имҩахь данынаскьаргоу иҟарҵо аритуал аҿы аҩымсаг рхы иадырхәоит. Аԥсы дандәықәыргалалак, аԥҳәыс цқьа, ма зхаҵа дыԥсхьоу аԥҳәысеиба, мамзаргьы згара иахыԥахьоу аҭыԥҳа аԥсы дахьдәылыргаз ауада дәыллыԥсаауеит, ианылыԥссо "аԥсра цеит, аҩны цқьоуп, иаанхаз бзазароуп" ҳәа хынтә илҳәароуп. Нас уи дызлаԥссаз аҩымсаг иԥсыз инышәынҭраҿы иганы иаанрыжьуеит, уаҳа аҩны иҩнаргалаӡом.

Тихий час - Sputnik Аҧсны
Цәаблаҟи Напкылҵәеи: аԥсуа мифологиаҿы ауаҩы ицәа анцәахәқәа

Ирласы – рласны аԥхыӡ бааԥсқәа збо, зыцәа ҭынчым, аԥсцәа иреиԥхыӡуа иалагаз рзы рыцәа арҭынчразы аҩымсаг хәыҷ ацәарҭа иаҵарҵон. Убри нахыс аԥхыӡ цәгьақәа ауаҩ имԥан иқәлом, уахьчоит ҳәа ирыԥхьаӡон. Абас иҟоуп аҩымсаг иадҳәалоу ҳажәлар рыгәрагарақәа.

Ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа! Иахьатәи ҳаамҭазы аҩымсаг лазҵо дыҟоума?, – ҳәа азҵаара шәызцәырҵуазар, уи аӡбахә ала анхацәа рҟны сахьынаҵааз, "Аџьықәреи иалаԥсаны ианыҟауҵо иаԥырхагахоит, иахаԥоит азы ҳаҟәыҵит. Хазы алаҵара ҳҭахым, аџьармыкьаҿы ахә цәгьам, иҟаҵаны ирҭиуеит, уаантә иаахәаны иаагоит. "Амариа ҳашьҭами!", – рҳәеит ҭакс иааԥышәыррчан.

Ҳаамҭазы уазусҭзаалакгьы зымхаҿы аҩымсаг лазҵо уҟазар, абарақьаҭреи абзиареи удкылазааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0