Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Какәыбаа: "Гагрыԥшь" ахәыҷ чымазаҩцәа рыцхыраара рыхәҭа аларгалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАхәыҷтәы жәлар рыкәашаратә ансамбль "Гагрыԥшь" асахьаркыратә напхгаҩы Ҭенгиз Какәыбаа
Ахәыҷтәы жәлар рыкәашаратә ансамбль Гагрыԥшь асахьаркыратә напхгаҩы Ҭенгиз Какәыбаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афонд "Ашана" Жәларбжьаратәи апроект "Гәыразыла" аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥхынҷкәын 8 рзы Москва имҩаԥысуеит аконцерт. Уаҟа иқәгылоит ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Гагрыԥшь", абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит ансамбль асахьаркыратә напхгаҩы Ҭенгиз Какәыбаа.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Какәыбаа Москва "Гагрыԥшьаа" рықәгылара иазкны

"Ԥхынҷкәын ааба рзы Москва иҟало аконцерт раԥхьатәихоит, афонд "Ашана" еиҿнакааз апроект "Гәыразыла" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Ансамбль аиҵбыратәи аиҳабыратәи гәыԥқәа жәохә кәашара нарыгӡоит. 55-ҩык ахәыҷқәа ықәгылоит хышықәса инаркны жәаф шықәса зхыҵуа рҟынӡа. Хышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа хҩык ҳамоуп, даара бзиа ирбоит аԥсуа маҭәақәа рышәҵаны ианықәгыло. Ансамбль аҟны зегьы ргәаҟынӡа инеит Москва рықәгылара ахәыҷ чымазцәа рыцхраара иахьызку, аҭаацәа ракәзар адгылара ду ҳарҭеит. Уахь ҳцарц Гагра ақалақь ахадара ҳацхраауеит, уи анаҩс аҭаацәа еснагь иҳавагылоуп ҳахьцалакгьы",- ҳәа азгәеиҭеит Какәыбаа.

Афонд "Ашана" Жәларбжьаратәи апроект "Гәыразыла" аҳәаақәа ирҭагӡаны ԥхынҷкәын ааба рзы Москва имҩаԥысуеит аконцерт. Уаҟа иқәгылоит ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль "Гагрыԥшь". Аконцерт аҟны ирҳахо аԥара ахәыҷ чымазаҩцәа рыхәшәтәра иахҭынҵахоит.

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0