РУСДРАМ аескизқәеи амшцәгьеи

© Sputnik / Томас ТхайцукРУСДАМ. Режиссерская лаборатория
РУСДАМ. Режиссерская лаборатория  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
РУСДРАМ ахыбраҟны имҩаԥгаз "Арежиссиортә лабораториа" азы лгәаанагара дазааҭгылоит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа.

Иаҳхысыз асабша иаахымкәаӡакәа илеиуан ақәа, ԥсшьарамшын, аҩны саатәаргьы ауан, аха сцеит РУСДРАМ имҩаԥысуаз атеатртә ескизқәа рӡыргара сахәаԥшырц. Инеиԥынкыланы уаҟа аамҭа схызгеит 4 сааҭк инарзынаԥшуа, инеиԥынкыланы асценатә қәгыларақәеи ахцәажәарақәеи мҩаԥысуан атеатраҿ. Атеатр бзиа избо ауаҩы изын, ари иреиӷьу ҳамҭоуп аԥсшьарамш аҽны.

Спектакль Три высокие женщины - Sputnik Аҧсны
Атеатртә ҳамҭа аныҳәа аламҭалазы

Иаҳҳәар ауеит ари - театртә експериментуп ҳәа, хҩык арежиссиорцәа ҽнак иалагӡаны хаз-хазы хәымш аус здырулоз аескизқәа ҳдырбон. Ахәаԥшцәа ирыдгалан Мраҭашәаратәи Европа ажәытә драматургиа арҿиамҭақәа рмотивқәа рыла зшәага маҷу асценақәа.

Ахәаԥшҩы иара абри аамҭазы дызхәаԥшуаз аусумҭақәа рыхцәажәареи, иреиӷьу аусумҭазы абжьы аҭареи рзы алшара иман. Ас еиԥш иҟоу атеатртә експериментқәа аибашьра ааилгазар раԥхьаӡа акәны иҳадгалоуп, зегь реиҳа игәахәароу, еиҭашьақәыргылоуп анкьатәи атеатртә традициа -аспектакльқәа рышьҭахь ахәаԥшҩы игәаанагара аилкаара, ақәыргылаҩ азҵаара иҭара. Ари атеатргьы ахәаԥшҩгьы ирнаҭоит алшара рҭахрақәа реибыҳәаразы.

Елеонора Коӷониаԥҳа: РУСДРАМ аескизқәеи амшцәгьеи

РУСДРАМ ахыбраҿы иҳадгалаз антикатәи ахҭысқәа даҽазнык агәра ҳдыргоит, аамҭа цозаргьы, урҭ амотивқәа ҳаамҭазгьы хра рыланы ишыҟоу, насгьы, ҳзышьцылахьоу аклассикатә знеишьа акәымкәа, еиуеиԥшым атеатртә елементқәа реилаӡҩара шалшо, аус злоу, арежиссиорцәа ргьамеи, рҵара аҩаӡареи ҳаракәу ауп. Х-ескизк, х-ԥсҭазаарак ҳдырбеит атеатраҿ аамҭа кьаҿк иалагӡаны, урҭ рахьтә ҩ-трагедиаки, атрагедиа злаӡҩоу комедиаки. Ари атеатртә ескизқәа зегьы нагӡан ҳшашьцылахьоу акәымкәа, ахәаԥшҩи актиорцәеи еизааигәаны, ажәакала, даргьы ҳаргьы асценаҿы ҳҭыԥқәа ҳаман, уимоу, акомедиа ианыхәмаруаз, аҳәсеи ахацәеи хаз-хазы иртәан, аҳәса асценаҿы, ахацәа азал актәи аҭыԥқәа рҿы, ажәытәтәи акомедиаҿы Лисистрата лреволицуиа иасимволны, иара убри аамҭазы, аԥарда иҳабжьалозгьы ҳԥырхагамызт, избанзар, арежиссиор уи зегь ӡбаны иман, имҩасуан еиԥҟьарада атеатртә рҿиара аԥарда аҩ-ганкгьы рҿы.

Аԥсуа драматә театр - Sputnik Аҧсны
Атеатри аменеџьменти

Раԥхьа иҳадгалан адунеиаҿ атрагедиа аԥҵаҩцәа ирхыҳәо ҳәа иршьо бжьаратәла ҳера ҟалаанӡа 495-406-тәи ашықәсқәа рзы инхоз Афинатәи апоет, адраматруг Софокл итрагедиа "Аҳ Едип" ацәаҩала иаԥҵоу аескиз ала (асценари автор Пиер Паоло Пазолини, арежиссиор Никтита Бетехин). Ари аусумҭа шәагала ирацәамызт, амизансценақәа реишьҭаргыларазгьы атеатртә експеримент аҿы зынагӡара еиҳа иуадаҩыз акәын, аха ус акәзаргьы, уи ианубаалон аԥсҭазаара ауаатәыҩса ирыднагало адрама ҳаамҭазтәи асахьақәа ишрышьашәалоу, аҳреи, амчра амазаареи рҵакы шмыӡыц, уи азықәԥара атрагедиа ахылҿиааргьы шалшо, ахҭысқәа анымҩаԥысуаз аахыс ҩ-нызқь шықәса ишреиҳаугьы. Араҟа арольқәа нарыгӡон Гә. Кәыҵниа, А. Гиурегиан,А. Амирбекиан, А. Киут, Ҭ. Кәарҷиа, Д. Шьукин. Ашәымҭак иалагӡаны ас еиԥш иҟоу арҿиамҭақәа рынагза уадаҩуп, аха ус акәзаргьы, ари аусумҭа исзыннажьит ззыхынҳәра сҭахыу агәаҳәара.

Атекстқәа аамҭа кьаҿк иалагӡаны рҵара ахьыуадаҩыз иахҟьаны, арежиссиор ихәыцит аорекстрқәа рҿеиԥш еивҵрыԥхаа апартитура ахьықәдыргыло ашьаҟақәа рыргылара. Уи аексперимент еиҳагьы ианаалоушәа збеит, уимоу, анаҩсан уи ықәдыргылозар ахархәара ауҭаргьы ауеит. Акы заҵәык, сара сгәанала, ари ақәыргыламҭаҿы, ҳаамҭазтәи арежиссиортә хырхарҭа ахархәара аҭаны, аха аклассикатә текст ааныжьзар аспекаткль еиҳагьы иарцыхцыхуан ҳәа. Ари аескиз аилыргара ашьҭахь, "Арежиссиорцәа рлабоараториа" иҳаднагалеит ажәытә бырзен комедиограф Аристофан ҳера ҟалаанӡа  411 ииҩыз "Лисистрата" (ареж. Алексеи Размахов). Арольқәа нарыгӡон : М. Сыҷынаа, С. Спафопуло, М. Скварцова, И. Делба, М. Ломиа, Џь. Жорданиа, К. Шишкин.

Спектакль Портрет Дориана Грея Театра на Юго-Западе в РУРСДРАМе - Sputnik Аҧсны
Москватәи ашедеврқәа рхыԥша

Ииашаҵәҟьаны, араҟа аҽҟьарҭақәа еиҳа иҟан, амизансценақәагьы реиҿкаашьа маншәалан, акомедиа лахҿыхын, музыкала аиқәыршәашьагьы агьама аман аха, исҳәарц сылшоит, актиорцәа рыхәмарра атехникатә ҟазшьа адызбалон ҳәа, арежиссиор иусумҭа еиҳа улаԥш адхалон, ихәыцны, ишәаны-изаны иҟаҵан.

Ахԥатәи аескиз акәзар, уи зегьы ирылыскаарц сҭахуп, режиссиортә знеишьалеи, актиортә хәмарреи рыла. Ахԥатәи ахыркәшаратә ескиз, ажәытә бырзен драматург Еврипид итрагедиа "Електра" акәын. Уи ықәиргылеит арежиссиор Артиом Устинов, араҟа арольқәа нарыгӡон М. Барцыц, О. Абыхәба, Н. Папасқьыр, Л. Ҭыркьба-Дауҭиа, И. Инаԥҳа.

Сгәанала, ашәагала зегь иреиҳаз аескиз аҿы, ҟазарыла еилаӡҩан арежиссиори актиорцәеи рбаҩхатәра.

Аескиз "Електра" ихаҭәаау усумҭан уҳәар ауеит иаҳбаз зегь ирыҿурԥшуазар. Араҟа арежиссиор илшеит ари адрама ҳаамҭазтәи аԥсҭазааратә динамика азыԥшаара, иара убри адагьы, ажәытә хҭысқәеи, иахьатәи ауаа рнысымҩеи реилаӡҩара. Атеатрҭҵааҩцәа ишазгәарҭахьоу ала, раԥхьаӡа ари атрагедиа ықәыргылан ҳера ҟалаанӡа 413 шықәсазы.

Абас акыр зхыҵуа атрагедиа иазыԥшаан - атеатр аҩныҵҟа атеатр ззырҳәо аформа, ароль хада назыгӡоз Мадлена Барцыԥҳа (Електра) лроль иахьатәи, иацтәи аҭоурыхқәа реимхәыцқәа рыла еибыҭан. Ари аескиз ҵәатәышьаҟас иамаз актриса қәыԥш, зныкгьы лҽазылымшәеит сыԥсы ааиҭакны, атехникатә елементқәа схы иархәаны сыхәмарып ҳәа. Барцыц-Електра адрама зыԥсабара иалоу, игәымбылџьбароу уаҩуп, уи лыкәша-мыкәша арежиссиор еиҿикааз актиортә ансамбль адырды еиԥш еикәагьежьуан, ахы инаркны аҵыхәанӡа ахәаԥшҩы ԥсеивгахак имҭакәа, дыҭҟәаны даман. Ари иахьӡуп аҟазаратә иааира, ақәҿиара.

Аескизқәа зегь анаҳба ашьҭахь, ҳара иҳаман алшара иреиӷьу маӡала абжьы аҭара.

Анаҩсан, ҷыдала еиҿкаахо акомиссиеи ахәаԥшцәеи ргәаанагарақәа еихшьааланы, иалкаахо, аԥхьагылара зауа арежиссиор РУСДРАМ аҿы уи ақәыргыларазы алшара иҭахоит.

"Арежиссиортә лабораториа" еиҿкаауп Урыстәыла атеатртә еидгыла апроект "Аҳәаанырцә иҟоу аурыс театрқәа" захьӡу аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи аԥҟарақәа рыла, хҩык арежиссиорцәа ироуеит аҭагылазаашьа хәымш ирылагӡаны атеатр аусумҭа адгалара, зусумҭа алкааахо иоуеит алшара уи атеатраҿ аспектакль ақәыргылара.

Абасала, асабша, амшцәгьа аҽны, ачарақәа ианрымшыз сара гьамала аамҭа схызгеит РУСДРАМ аҿы.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0