Аԥхьахә "Ахьы уарба" аекспертцәа рсиахь иаҵанакит аԥсуа киносахьа

© Sputnik / РИА Новости / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥхьахә "Ахьы уарба" аекспертцәа рсиахь иаҵанакит аԥсуа киносахьа
Аԥхьахә Ахьы уарба аекспертцәа рсиахь иаҵанакит аԥсуа киносахьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акинемотографиатә ҟазареи аҭҵаарадырреи Рмилаҭтә академиа абжьагаратә сиахь иаҵанакит 30 инареиҳаны зметраж кьаҿу афильмқәа.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Акиносахьа "Махаз сыхьӡуп" Акинемотографиатә ҟазареи аҭҵаарадырреи Рмилаҭтә академиа абжьагаратә сиахь иаҵанакит акатегориа "Иреиӷьу зметраж кьаҿу афильм" ала ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афильм арежиссер Инал Нармания.

Кинофестиваль Arctic open - Sputnik Аҧсны
Акиносахьа "Махаз сыхьӡуп" акинофестиваль "Arctic open" иалахәхоит

Иара иажәақәа рыла сынтәа Акинемотографиатә ҟазареи аҭҵаарадырреи Рмилаҭтә академиа абжьагаратә сиахь иаҵанакит 30 инареиҳаны зметраж кьаҿу афильмқәа.

"Ҳара азыҳәа ҟаҳамҵеит, аекспертцәа роуп абжьагара ҳазҭаз. Аҵыхәтәантәи алкаа ҟазҵо "Ахьы уарба" аилазаароуп. Дара 2-3 фильм роуп аԥхьахә аиуразы иқәдыргыло", - иҳәеит Нарманиа.

"Ахьы уарба" — Урыстәыла милаҭтә киноԥхьахәуп. Иранаршьоит акиноҟазараҿ алшара дуқәа рзы.

Арежиссиор Инар Нарманиа ифильм "Махаз сыхьӡуп" уаанӡагьы зметраж кьаҿу афильмқәа Жәларбжьаратәи рфестиваль "KONIK Film Festival" иалахәын. Афестиваль мҩаԥысуан Москва, 2018 шықәса, нанҳәамзазы.

Иара убасгьы Калининград имҩаԥысуаз акинофестиваль аҿгьы аԥхьахә агахьеит.

Аԥсны имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи акинофестиваль аҿы Инар Нарманиа иусумҭа иреиӷьӡақәаз рхыԥхьаӡарахь иаҵанакит.

Жәларбжьаратәи акинофестиваль "Arctic open" Архангельск, ԥхынҷкәын 6 — 9 рзы имҩаԥысуаз, иалахәын.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0