Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Амҷԥҳа еиҭалҳәеит аԥсшәа "Берлинтәи абызшәақәа рыхсаала" ишанылаз атәы

© Фото : страница Хиблы Амичба в FacebookХибла Амичба
Хибла Амичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аԥсшәа "Берлинтәи абызшәақәа рыхсаала" ишанылаз атәы.
Амҷԥҳа: Берлин аконференциаҿы аԥсышәала ицәажәоз ахәыҷы илызҿлымҳахаз рацәаҩхеит

""Ақалақь дуқәа абызшәа маҷқәа" ҳәа хьӡыс измаз Берлин имҩаԥысыз аконференциаҿы ахәыҷы лалахәхара иаҳа аинтерес цәырнагеит, избанзар, иуадаҩуп даҽа тәылак аҿы изызҳауа аҿар рхатәы бызшәала ицәажәартә еиԥш аҟаҵара. Ҳара хдырцәажәеит аԥсышәала, абызшәатә материал ҭараҩит, ҳрыԥхьеит ажәеинраалақәа. Аконферециа иалахәын абаскцәа, акотолонцәа, африкатәи абызшәақәа ныҟәызго еиуеиԥшым ажәларқәа уҳәа. Берлин ҿыцны иалагеит иаланхо ауаа рбызшәақәа реиԥшымзаара, реилазаара, аҭҵаара, абызшәатә хсаала ашьақәыргылара. Ари раԥхьатәи конферециан,  убри анҟытә ҳара ҳахьаладырхәыз даара ҳаигәырӷьоит", - ҳәа азгәалҭеит Амҷԥҳа.     

Аиҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир аҟны, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0