Латакиа анхарҭа ҩнқәа 400 рҟынӡа шьақәдыргылеит

© AFP 2023 / LOUAI BESHARAЛатакиа анхарҭа ҩнқәа 400 рҟынӡа шьақәдыргылеит
Латакиа анхарҭа ҩнқәа 400 рҟынӡа шьақәдыргылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аибашьра ашьҭахьтәи Латакиаҿ аусура иалагеит анхарҭа ҭыԥқәа реиҭашьақәыргылара апрограмма. Хышықәса рыҩныҵҟа еиҭашьақәыргылоуп 400 нхарҭаҩны.

АҞӘА, абҵара 21 – Sputnik. Зқьы рҟынтәи 400 ҩны аибашьра ашьҭахь еиҭашьақәыргылоуп латакиатәи апровинциаҿы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҭыԥантәи амчрақәа рхаҭарнак Самир Ислам иажәақәа рыла Латакиа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит 2015 шықәса рзы, ақыҭақәа рхы ишаақәиҭыртәыз еиԥш.

"Ҳара усҟан акомиссиа ҷыда аԥаҳҵеит. Иара алахәылацәа зых иақәиҭтәыз ақыҭақәа зегьы ирылсит. Иҟаз арбаны аплан шьақәдыргылеит. Аплан инақәыршәаны 400 ҩны еиҭашьақәыргылоуп. Иахәҭаны иҟоуп 1500 рҟынӡа нхарҭаҩны ареиҭашьақәыргылара", - иҳәеит иара.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҭынҵан 2,6 млн доллар.

Самир Ислам иҳәеит ҩнык аиҭашьақәыргылара мызкы-ҩымз ишадхало.

Ажәабжьқәа зегьы
0