Аԥсны ААР: ЕАШ Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа агәҭынчымра ҳнаҭоит

© Sputnik Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 46-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 10-11 рзы.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 46-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 10-11 рзы. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 46-тәи рраунд мҩаԥысраны иҟоуп ԥхынҷкәын 10-11 рзы.

АҞӘА, абҵара 22– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны агәҭынчымра азцәырнагоит Қырҭтәылеи Америкеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра, Қырҭтәыла иахьаҵанакуа арра-ҳаиртә баӷәаза Еиду аштатқәа иахьдыргыло иҳәеит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа абҵара 22 рзы ирԥылаз Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

"Ҳаҭыр зқәу сколлегацәа, зегьы ишыжәдыруеиԥш Женеватәи аиҿцәажәарақәа ирхықәкы хаданы иҟоу Аԥсни Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩроуп. Абри аконтекст иаҿырԥшны ҳара агәҭынчымра ду ҳазцәырныгоит Қырҭтәыла НАТО алаларазы иҟанаҵо аҽазышәарақәа. Аԥсны агәҭынчымра азцәырнагоит Қырҭтәылеи Америкеи ртәылахьчаратә усбарҭақәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра, Қырҭтәыла иахьаҵанакуа арра-ҳаиртә баӷәаза Еиду аштатқәа иахьдыргыло ауп уажәы зыӡбахә ҳамо. Ҳара ишазаҳаԥхьаӡо ала асеиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьа арегион аҟны ашәарҭадареи аҭынчреи ирзыбзиахаша акакәым", - иҳәеит Даур Ақаҩба.

Даур Ақаҩба иара убасгьы иазгәеиҭеит аԥсуа делегациеи ақырҭуа делегациеи еиҟароу азинқәеи алшарақәеи рымазарц ринтересқәа раарԥшразы.

"Абри азы сара уаанӡатәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟынгьы ажәалагаланы ирыдызгалахьан. Уи иаанаго Аԥсынгьы иаҭатәуп Қырҭтәыла иамоу аҩыза алшамҭақәа жәларбжьаратәи аплошьчадкақәа рҟны. Сгәыӷуеит ҳаҳәара азхьаԥшра аиуп ҳәа", - иҳәеит аминистр.

ООН - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР: Қырҭтәыла ООН аҿы ареспубликазы иԥаршеиу аинформациа рыладырҵәоит

Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Таиво Клаар иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа рмеханизм аиӷьтәреи аинцидентқәа раԥырҟәҟәааразы Амеханизм аусура аиҭахацыркреи аҭахны ишыҟоу.

Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ООН наахаҭарнакс иҟоу Джихан Султаноглу иазгәалҭеит аусдҵақәа хра рыманы рыӡбразы ишахәҭоу аиҿцәажәара алахәылацәа зегьы русеицура.

"Ҳара шәажәалагалақәа рзы ҳаартуп. Сколлегацәа рахь ааԥхьара зур сҭахуп женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаа иҭагӡаны аусура амшхәаԥштә азҵаарақәа зегьы аҵанакырц" - лҳәеит лара.

Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамзаахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0