АҞӘА, абҵара 22 – Sputnik. Рауль Ҳаџьымба Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа идикылеит ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.
Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Таиво Клаари Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ООН наахаҭарнакс иҟоу Джихан Султаноглуи Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Рудольф Михалкуи Аԥсны ахада иирдырит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.
Ҳаџьымба асасцәа аԥсшәа раҳәо ахәшьара аиҭеит аиҿцәажәаратә процесс.
"Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит зегьы иаразнакы ралыршара шзалымшо. Аха иҟоуп азҵаарақәа, европатәи атәылақәа жәпакы рҿы еилыркаар акәны иҟоу. Жәларбжьаратәи азин анормақәа иалкаау тәылақәак рзакәӡам изҩу. Ҳаргьы иҳамоуп азин анхараз, аҿиараз, адунеитә еилазаара аҽалархәразы. Убри азы ҳара иаҳҭахуп агуманитартә ҟазшьа змоу азҵаарақәа: ҳтәылауаа аҳәаанырцәҟа рцара, еиуеиԥшым адунеитә еиҿкаарақәа рҿы ҳпозициа ацәыргара алыршара", - иҳәеит атәыла ахада.
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рҭышәныртәаларазы Женеватәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамзаахыс.