Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Коӷониа: аԥсуа ашьапылампылтә командақәа ирымазароуп аспонсорцәеи ахәаԥшцәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукАшьапылампыласыҩ Лаша Коӷониа
Ашьапылампыласыҩ Лаша Коӷониа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашьапылампыласыҩ Лаша Коӷониа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны ашьапылампыл азы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аиӷьтәразы мҩақәас иазалхтәу ҳәа ииԥхьаӡоу, ҿырԥштәыс иааигеит Аҩадатәи Кипр.

 

Коӷониа: аԥсуа ашьапылампылтә командақәа ирымазароуп аспонсорцәеи ахәаԥшцәеи
"Аҩадатәи Кипр ачемпионат цоит апрофессианалтә турнир еиԥш. 16 команда ыҟоуп, астадионқәа бзиоуп, ауаа рызнеиуеит, идырҭәуеит.  Ацхыраара рызҭо, спонсорцәаны ирымоуп асасааирҭақәа, еиуеиԥшым аҳәаанырцәтәи ауниверситетқәа рфилиалқәа уаҟа иаарту уҳәа ашьапылампылтә командақәа аԥара рызшәара, урҭ рҭахрақәа инарықәыршәаны рныҟәгара рхахьы иргоит. Ҳара ҳҿы аспонсорцәа злаҟалои аӡыргара ыҟамзар, ауаа астадионқәа рахь имнеиуазар. Ауаҩы ашьапылампыл иадыԥхьаларазы иаҭахуп зыҩаӡара ҳараку ахәмаррақәа дырбара. Астадион ахь дызнеиран дыҟои ахәаԥшҩы, ахьҭа ма ашоура дзакрыи, аҩны телехәаԥшрала зыҩаӡара ҳараку ашьапылампыл дахәаԥшыр илшозар", - ҳәа азгәеиҭеит Коӷониа.

Ажәабжьқәа зегьы
0