Путин: Аԥсныи Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара ҩ-процентк рыла еизҳаит

© Foto / presidentofabkhaziaУрыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵарамза 21 рзы Шәача ақалақь имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини реиҧылара.

АҞӘА, абҵара 22– Sputnik. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путини реиҧылараан Владимир Путин иҳәеит урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа астратегиатәи аиҩызаратәи ҟазшьа рымоуп ҳәа.

Встреча Президента Республики Абхазия Рауля Хаджимба и Президента Российской Федерации Владимира Путина - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Аинвестициатә программа аҿиара далацәажәеит

"Шәбара даара сеигәырҕьоит. Сынтәа аҧхын Ареспублика азхаҵара аиубилеи инамаданы Шәареи сареи ҳаиқәшәара мҩаҧысит. Уажәы, ҳәарада, иҷыдоу, астратегиатә, аидгыларатә ҟазшьа змоу ҳаизыҟазаашьақәа зеиҧшроу атәы сагәылаланы алацәажәара салагаӡом", - иҳәеит иара.

Урыстәыла ахада иҳәеит абас иформалтәым аҭагылазаашьала Аԥсны ахада актуалра зҵаны иибо азҵаарақәа рылацәажәара ахьалшо.

"Шәареи сареи абас анеитралтә ҭагылазаашьаҿы ҳаиқәшәаны ҳазҭагылоу аамҭазтәи азҵаарақәа ҳрылацәажәарц еибаҳҳәахьан. Дара, хымҧада, ирацәоуп", - иҳәеит Владимир Путин.

Атәылақәа рыҩба ахадацәа алацәажәеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рызҵаарақәа.

"Атауареикәшара иазҳауеит, аха еизакны иаагозар, рацәак иазҳаит ҳазҳәаӡом ҵыҧх 5 %, ҳазҭоу ашықәс аҧхьатәи 9-10 мзы рыҩныҵҟала 2 %. Анаплакқәагьы аус руеит, аха уи азхаӡом ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳара усҟангьы аекономика аҿиара ацхрааразы иҵегьы алшарақәа аҭахуп ҳәа азгәаҳҭеит. Сара шәбара сеигәырҕьоит абас иформалтәым аҭагылазаашьаҟны Ареспублика аҿиаразы еиҳа актуалра змоу ҳәа ишәыҧхьаӡо азҵаарақәа ҳрылацәажәарц азы", - иҳәеит Путин.

Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсны аекономика аҿиара арццакра аҭахны ишыҟоу.

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан цәыббра 9 2008 шықәса рзы, Урыстәыла официалла нанҳәа 26 2008 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь.

Абри аамҭақәа инарылагӡаны анапы рыҵаҩуп 100 иреиҳаны аиқәшаҳаҭрақәа.

Ҳаџьымбеи Путини реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААР: Ҳаџьымбеи Путини реиԥылара азыԥхьагәаҭан

2014 шықәса рзы имҩаԥысит Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини раԥхьатәи реиԥылара. Усҟан дара рнапы аҵарҩит Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра. Аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩын Путин шәачатәи ирезиденциа "Бочаров ручей" аҿы абҵара 24, 2014 шықәса рзы.

Аҩбатәи аиԥылара мҩаԥысит лаҵарамза 15, 2015 шықәса рзы, Шәача. Аиԥылараан азхьаԥшра аҭан Аиҩызареи астратегиатә еилахәыреи рзы Аиқәшаҳаҭра ахәҭаҷқәа рынагӡара шымҩаԥысуа.

Аԥсныи Урыстәылеи аекономикеи ашәарҭадареи русхк аҟны реинырра иалацәажәан Москва, жәабран 18, 2016 шықәса рзы.

Пицунда, нанҳәа 8, 2017 шықәса рзы имҩаԥысит аԥшьбатәи аиԥылара. Усҟан анапы аҵаҩын Амедицинатә ԥгаԥса аиҿкаара аусхк аҟны аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра.

Ажәабжьқәа зегьы
0