Ҟрымтәи ацҳахь инеиуаз аихамҩа аҭыԥ рыԥсахит анкьатәи аиланхарҭа иахырҟьаны

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКрымский мост
Крымский мост - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳера ҟалаанӡа V ашәышықәса анҵәамҭеи III ашәышықәса алагамҭеи ирыҵаркуа ҩынҩажәа нхарҭа рыԥшааит Керчь.

АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Керчтәи ацҳахь уназго 18-километра инаӡо аихамҩа аҭыԥ рыԥсахуеит, аихамҩаҟаҵараан иаадырԥшыз антикатә еиланхарҭа аиқәырхаразы. Анхарҭа Боспортәи аҳра аамҭа иаҵанакуеит ҳәа аанацҳауеит аинфоцентр "Крымский мост".

Аԥсныи Ҟрыми ишьақәдыргылеит ҩ-ганктәии жәларбжьаратәии аусеицурақәа рыплан - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Ҟрыми ишьақәдыргылеит ҩ-ганктәии жәларбжьаратәии аусеицурақәа рыплан

"Аихамҩа, уаанӡа ишазгәаҭаз аиԥш, 2019 шықәса рзы ахархәарахь ирыҭахоит", — иҳәоит аилахәыра "Стройгазмонтаж" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Леонид Рыженькин.

Ҳера ҟалаанӡа V ашәышықәса анҵәамҭеи III ашәышықәса алагамҭеи ирыҵаркуа ҩынҩажәа нхарҭа рбеит Керчь. Аҵарауаа ргәаанагарала, анхарҭақәа Боспор аҳцәа рдинастиа ахаҭарнак иҭаацәа иртәызар ҟалоит.

Аҭҵаарақәа мҩаԥысуеит хә-нызқь метра ԥшьыркца иахьрыҵаркуа аҵакырадгьыл аҟны.

Археологиатә ҭҵаарақәа макьаназ ишхыркәшамгьы, аҵарауаа уажәнатә иазгәарҭоит анкьатәи аргыларақәа қәнагала ишынагӡаз. Ауаа рынхарҭақәа аӡы рыламларц азы, аӡеизакырҭақәеи аӡцарҭақәеи дырра ҳаракыла иҟаҵан".

Ажәабжьқәа зегьы
0