Олег Пешков дахьҭахаз аҭыԥ аҟынтә авидеои афотоқәеи цәыргоуп

© Фото : Следственный комитет РоссииКадры осмотра мест крушения самолета СУ-24М и спасательного вертолета в Сирии в 2015 году.
Кадры осмотра мест крушения самолета СУ-24М и спасательного вертолета в Сирии в 2015 году. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уаанӡа, Басмантәи аӡбарҭа абри аус аганахь ала латәарада жәҩык шьамтәылауаа аҭакра рықәҵаны жәларбжьаратәи аԥшаара рышьҭарҵахьан.

АҞӘА, абҵара 23 — Sputnik. Урыстәыла Ашьаусҭҵааратә еилакы аофициалтә саит аҿы аҳаирплан СУ-24М 2015 шықәса рзы иахькаҳаз аҭыԥ аҟынтәи авидеои афотоқәеи цәырыргеит.

Авидео аҿы иубарҭоуп урыстәылатәи аԥрыҩцәа ириехсуаз ауаа рхырӷәӷәарҭақәеи акаҳара иаҿу аҳаирплан аԥҽыхақәеи.

Уаанӡа Ашьаусҭҵааратә еилакы адырра ҟанаҵахьан аусура ишаҿу СУ-24М аекипаж акомандаҟаҵаҩ Олег Пешкови амшынтә пехотауаҩ Александр Позыничи Су-24М аштурман Константин Мурахтини рганахь ала аҭҵаара ишаҿу азы.

Олег Пешков 2015 шықәса рзы ҭырқәтәылатәи F-16 Шьамтәылатәи ажәҩан аҟны изиехсны иканажьыз аҳаирплан Су-24 акомандаҟаҵаҩыс дыҟан. Пешков аҳаирплан ааныжьра шилшазгьы иеихсуаз адгьыл аҟынтәи дыршьит. Мурахтин иеиқәырхара алшеит урыстәылатәи аршьаҟауааи шьамтәылатәи агәыԥ ҷыдақәеи имҩаԥыргаз аоперациа абзоурала. Иҭахаз аԥырҩы Урыстәыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихҵоуп.

Аиқәырхаратә операциаан дҭахеит Александр Позынич. Данҭаха ашьҭахь ианашьоуп Агәымшәара аорден.

Ажәабжьқәа зегьы
0